Иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аан Шәара хацәнымырха шәус нашәыгӡоит, шәзанааҭ ламысцқьала шәазнеиуеит. Шәыҷаԥшьарақәа зегьы ианаамҭоу, уадаҩрада ихыркәшахалааит. Аҭынчреи ахирреи агәабзиареи шәзеиӷьасшьоит. Доусы шәҭаацәақәа рҿы иҟалааит аҳәоуеиқәшәареи аманшәалареи», - ҳәа аҳақьымцәа дрыдныҳәало иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
сегодня 23:16
Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны амедицинатә цхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Шәара аус рацәаны ижәуеит, иарбан аамҭазаалакгьы, уахи-ҽни шәазыхиоуп ҳуааԥсыра реиқәырхара. Шәара шәнапы иануп ауааԥсыра рыԥсҭазаара. Амедицинатә цхыраара лас аҿы аус зуа дарбанызаалакгьы, амҩақәҵаҩ, амашьынарныҟәцаҩ, афелшер, аҳақьым, аҟәша аиҳабы, уҳәа зегьы ахачҳареи, ауаҩы иахь ақьиареи арыцҳашьареи рылоуп, уаҳагьы ари аус узынагӡарым.