АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:52

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» иалахәуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Аидгыларатә  ҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи афорум «Аҭынха ду —еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» алахәхаразы Волгоградҟа инеит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи, Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.

Жәларбжьаратәи афорум мҩаԥысуеит  мшаԥымза 28 – 29 рзы Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылара Апарламенттә Еизара аԥшьгарала ақалақь-фырхаҵа Волгоград. Уи рхы аладырхәуеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла, Азиа, Лаҭынтәи Америкеи Европеи рҟынтәи апарламенттә делегациақәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, анаукатә еилазаара ахаҭарнакцәа, иара убас жәларбжьаратәи аекспертцәа.

Иахьа Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Александр Невски ихьӡ зху акафедралтә ныхабаа иаҭааит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны атематикатә секциақәа ҩба русура азԥхьагәаҭоуп: «Азеиԥш ҭоурыхтә гәалашәара ахьчареи аиқәырхареи», иара убас «Аҭоурыхтә дырра ашьаҭала апатриоттә ааӡара».  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа иарбоу асекциақәа русура алахәхара азԥхьагәаҭаны иамоуп.

Жәларбжьаратәи афорум мшаԥымза 29 рзы имҩаԥгахо «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» ҳәа хыс изауо аихшьаалатә пленартә еилатәарала ихыркәшахоит.


Read 62 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.