Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан.
Адепутатцәа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Ҭаҭарсҭани рыбжьара аусеицура абжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Аганқәа гәахәрыла иазгәарҭеит абар шьҭа ҩажәижәаба шықәса раахыс ареспубликақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара ишаҿу.
Лаша Ашәба Мараҭ Ахметов иҭабуп ҳәа еиҳәеит Ҭаҭарсҭан Аԥсны ианаҭо ацхыраара азы, ахәҭакахьала уажәы имҩаԥысуа ареспублика асоциалтә обиектқәа реиҭашьақәыргылара аҿы Ҭаҭарсҭан хра злоу алахәхара азы.