АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Мшаҧы.2025

Сергеи Кириенкои Бадра Гәынбеи Диаскураа Рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аҟәа аԥшаҳәа далсны аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Иара уаанӡа изеиҭарҳәеит Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани рыцхыраарала аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы иҟоу азԥхьагәаҭарақәа ртәы.  

Аԥшаҳәа ареконструкциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәмарратә комплексқәа рыргылара, еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аҵакырақәа рышьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп. Иара убас иазԥхьагәаҭоу апроектқәа ирылоуп ахәыҷтәы хәмарырҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи, анаԥшааԥшырҭатә гьежьы ашьақәыргылареи. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас абетонтә хаҳәцәыла ашьаҟамҩа ачаԥара, амаланыҟәатә мҩахәасҭа ашьақәыргылара.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит ахәаахәҭратә павилионқәа, апроект аҭыԥантәи архитектор қәыԥш ила иаԥҵан. Диоскураа Рыԥшаҳәа ареконструкциа иазку аусурақәа рхыркәшара иааиуа акурорттә сезон азы иазԥхьагәаҭоуп.  Аусурақәа хацыркхоит ҭагалан.

«Иазгәаҭатәуп Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани еснагь активра шаадырԥшуа. Убри аҟнытә уи аусура ибзианы аиҿкаара иаҿырԥшны иҟоуп. Араҟа акыр зҵазкуа ауааԥсыра иргәаԥхо аҟаҵара ауп. Даҽакала иуҳәозар, Аҟәа аиашьаратә қалақьқәа иаадырԥшыр рылшо иреиӷьу аҿырԥшы ауп. Аԥсны уи ахархәара алнаршароуп, аха убри аан еицырдыруа аҟәатәи аԥшаҳәа атрадициа аиқәырхара хымԥадатәиуп», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

Анаҩс Сергеи Кириенко еицырдыруа акаҳуажәырҭа «Брехаловка» даҭааит, зыфҩы лаҳалаҳауаз акаҳуа ижәит, асқьала гәеиҭеит.

 


Read 167 times - Ахаша, 09 Мшаҧы 2025 14:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.