АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АДГЬЫЛ АХАРХӘАРА ИАДҲӘАЛОУ Ҩ-ЗҴААРАК РЗЫ АӠБАМҬАҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы  Ԥсахара ақыҭан иҟоу 1,10 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи ауааԥсыра хазхаҭалатәи анхарҭаҭыԥқәа рыргылара азы «аиланхарҭатә пунктқәа рзы адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы Гагра араион Ахадара  иаланагалаз ажәалагала аҟәшаҳаҭхара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылхархәареи акадастри рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Адамыр Аҳәба.

Ақәҵара азинмы аиуоит иарбоу адгьыл категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагара азҵаара Апарламент аҟны ақәшаҳаҭра анаиулак ашьҭахь.

Аминистрцәа Реилазаара иара убас Гагра араион Ахадара азин анаҭеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Хомс» асасааирҭатә ҟазшьа  змоу аобиект аргыларазы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу, зҵакыра 0,23 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа есымшатәи ахархәаразы аҭара.  ЗҲӘА «Холмс» хыдҵас иадуп:

 – иарбоу адгьыл ахәҭа аҿы археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара  азы Аԥсны акультура Аминистрра аҟынтәи ақәшаҳаҭра аиура;   

– апроектнӡатәи адокументациа астадиа аҟынтәи аекологиатә експертиза амҩаԥгара алыршара;

– аобиект анџьнертә коммуникациақәа рыла аиқәыршәареи аҭыԥантәи арыцқьаратә шьақәгыларақәа рышьақәыргылареи;

– апроектҟаҵара анормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны аобиект ахь уназго амҩақәа разԥхьагәаҭара;

– иазоужьхо аҵакыра ариаҵәара азԥхьагәаҭара;

– аргыларатә усурақәа рымҩаԥгараан аобиект иахьаҵанакуа иҟоу аҵиаақәа реиқәырхареи ахылаԥшра рыҭареи алыршара;  

– аобиект аргылара апроект иарбоу Ақәҵара адкылара амш инаркны фымз ирылагӡаны  ақәыршаҳаҭра аиура;

–аргылара апроект ашьақәырӷәӷәара ашьҭахь ҩы-шықәса ирылагӡаны аобиект аргылара ахыркәшара. 

Гагра араион Ахадара иҟоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны иахыдҵоуп:

– аҭыԥаҿы адгьыл ахәҭа аҭара (аҳәаақәа ралкаара) иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара;

– Зҭакԥхықәара хәаақәҵоу Аилазаара «Хомси» Гагра араион Ахадареи 2,5 шықәса аҽҳәара аҭаны, апроект ашьақәырӷәӷәареи аобиект аргылареи раамҭахәҭа азы адгьыл қьырала агара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара хымԥадатәиуп;  Ари Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра аҭара Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылхархәареи акадастри рзы Аусбарҭеи, аргылареи анхара-коммуналтә   нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭеи ирыдҵоуп.


Read 396 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 14:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.