АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Цәыббра.2022

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АҬЫԤАНТӘИ АМЧРА АУСБАРҬАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘА ИРԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҭыԥантәи амчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирԥылеит. Аиԥылара рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, атәылахьчара Аминистрра, ақалақьтә Еизарақәа, иара убас арратә акомиссариатқәа рхаҭарнакцәа, ҳәа иаанацҳауеит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.   

Аиԥылара аартуа, Лаша Ашәба еизаз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши иааиуа аныҳәамш –Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи Рымши  рыдиныҳәалеит.

«Иахьатәи ҳаиԥылара ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациа иҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирыдҳәадоуп. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳаргьы агәҽанызаара ааҳарԥшуазароуп», - ҳәа  инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Апарламент Аиҳабы иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥысыз ареспублика ашәарҭадара Ахеилак аилатәара атәы еиҭеиҳәеит.  Аилатәара аихшьаалақәа рыла аминистрцәа Реилазаара аҟны амобилизациатә ҽазыҟаҵара аиӷьтәра азы абжьгарақәха реиқәыршәареи заанаҵтәи ахәшьара рыҭареи рзы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.

Апарламент Аиҳабы иара убас цәыббрамза 23  рзы Апарламент аҿы атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа рԥылара шымҩаԥгаз атәы иҳәеит. Уи аихшьаалақәа рыла, ирыӡбеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа реиԥылара амҩаԥгара аиҿкаара. Аиԥылара аҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ахәҭакахьала, арратә комиссариатқәа русура  аиҿкаара, иара убас аҭыԥантәи ахадарақәеи аҭыԥантәи ахаланапхра аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәеи дареи реимадареи русеицуреи иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.


Read 404 times - Аԥшьаша, 29 Цәыббра 2022 14:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.