Аҳәынҭқарратә комиссиа Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоуп. Уи аилазаараҿы иҟоуп ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Акомиссиа алахәылацәа Лаҵарамза 9 рзы иазԥхьагәаҭоу аныҳәатә, агәалашәаратә усмҩԥгатәқәа ирылацәажәеит. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы ахәаԥшразы акомиссиа ахь ицәыргахоит.
Аиԥылара иалахәыз иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иалахәыз зегьы аматериалтә ҳамҭаҭара азҵаара иалацәажәеит. Аԥсны инхоит 40-ҩык инарзынаԥшу 1941-1945 шш. иалахәызи урҭ ираҟаратәуи ахаҿқәеи.
55 000-ҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра аибашьра Ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 17 000-ҩык рыҩныҟа изыхнымҳәит. Ареспублика Аԥсны иалҵыз 23-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак ранашьахеит, 9-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ аиура иадгалан, 5-ҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.