АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АҦСУА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРҦЫЛЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аԥсуа культуратә центрқәа  рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба, уи  ихаҭыԥуаҩ Биуленҭ Аҩӡба.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, уи ицхырааҩ Џьансыхә Лазба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.

Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: "Ҳаиԥылара акырӡа сеигәырӷьеит. Иахьа, ныҳәа дууп - Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иамшуп. Ҳара ҳзы гәахәароуп Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа  рыԥсадгьыл ахь ирымоу аимадара есааира иахьдырӷәӷәо".

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ажәа риҭеит аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәаразы иҟаҵатәу аусқәа ирылацәажәарц. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дшазыхиоу. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба Ҭырҭәтәыла инхо аԥсуаа рыхьӡала  Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амши хара имгакәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.

"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳаиԥылара. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аҳәара ҟарҵеит рыхьӡала асалам шәыҭаразы, аныҳәа шәыдныҳәаларазы. Ҳара иҳамоуп ҳазлацәажәарц иаҳҭаху азҵаарақәа, ҳагьақәгәыӷуеит ҳаицәажәара аконструктивтә ҟазшьа аиуп ҳәа", - иазгәеиҭеит Иумиҭ Аҭеиба.

Аиԥылараҟны ирзааҭгылеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа атәылауаҩшәҟәқәа рыла реиқәыршәара азҵаара, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра, Аԥсны аҭаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа, аҳаирплан абилеҭ ахә ацлара уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа жәпакы.

Аԥсуа диаспора аделегациа алацәажәеит Ҭырқәтәыла изықәшәо ауадаҩрақәа  ртәы. "Аҵыхәтәантәи аамҭазы  ҳџьынџьуаа акыр ауадаҩрақәа рԥылоит аҳаиртә мҩа ахәԥсазы. Иаалырҟьаны абилеҭқәа рыхә халеит. Аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу визада даарц илшоит. Аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змам, авиза иоуроуп, уи ауадаҩрақәа цәырнагоит. Шаҟа шықәса ҵуазеи Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара апассаџьырцәа рзы  амшынтә мҩа аартра иалацәажәоижьҭеи, аха рыцҳарас иҟалаз, ари аҵак ду змоу азҵаара аӡбара залыршамхеит", -  ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим  Аҩӡба.   

Иара убас иалацәажәеит аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" азҵаара.  Аҳәынҭқарра Ахада хәҭа-хәҭала иҟоу аҭагылазаашьа атәы иҳәеит, ҷыдалагьы иаҵшьны иазгәеиҭеит адгьыл аҭира азҵаара шықәгылам. "Аиқәшаҳаҭраҟны ихадараны иҟоу ари адгьылҵакыраҟны иқәгылоу ахыбрақәеи аргыларақәеи роуп", -  ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Адиаспора ахаҭарнакцәа рганахьала Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥиго аполитикатә хырхарҭа ишадгыло атәы рҳәеит, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә дача амазаратә комплекс  Пицунда ахатәтәразы аҭара иазку  Аԥсны  Аҳәынҭқарра  Аиҳабыреи  Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара  Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаарагьы налаҵаны.  Аԥсуафед уамашәа ирбеит ари азҵаара инамыцхәны аполитика ахьалху, ԥасатәи Аҳәынҭқарра  Ахада Сергеи Багаԥшь ихаангьы  Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа "Аԥсны рҭиирц рҭахуп" ҳәа агәра ддыргарц ишаҿызгьы ргәаларшәаны иалацәажәеит.

Асасцәа Аҳәынҭқарра  Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ҳаҭыр рықәҵаны иахьидикылаз азы, иара убас Ҭырқәтәылаҟа ааԥхьара иҭаны, ирҳәеит ддырҭаауеит ҳәа агәыӷра шрымоугьы.

 


Read 511 times - Ахаша, 28 Цәыббра 2022 15:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.