АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ АФЫРХАЦӘА ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аҟәа.  Цәыббрамза 27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.   Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы иадыркит агәалашәара ацәашьқәа. 23 шықәса инареиҳаны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит, араҟа урҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, Аԥсны аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркуеит.

Иахьа ахәылбыҽха урҭ рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рыцны Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеины Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.  

«Ҳара имҩаԥаҳго акциа аԥшьызгаз ауаажәларратә еиҿкаара – Агуманитартә Программақәа Рцентр ауп. Есышықәса,  амш зеиԥшразаалакгьы, ҳара Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ҳааиуеит ацәашьқәа аҳаркырц азы. Ҳара имҩаԥааго акциа ари апафостә усмҩаԥгатәӡам, ҳара арахь аӡәгьы ааԥхьара иаҳамҭаӡацт, убри азы акәхап уи бжеиҳан алаҳәарада изаанхозгьы.    

 Уажәы ҳара акциа амҩаԥгара азы заанаҵы адырра ҟаҳҵо ҳалагеит. Уи алахәхаразы агәазыҳәара змоу зегьы ихы алаирхәыр алшоит. Араҟа иахьа иҟоуп ақалақь ауааԥсыра рыдагьы имаҷымкәа ақалақь иаҭаауа асасцәагьы, урҭ ааины иҳазҵаауеит ари аусмҩаԥгатә зызкузеи ҳәа. Ари акциа емоциалеи гәалашәареи рыла игәылҭәаауп», - ҳәа илҳәеит Арда Инал-иԥа.


Read 445 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 20:39
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.