АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Хәажәкыр.2025

Ахәыҷтәы ареитингтә шахматтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәырақәа» Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпрсс. Хәажәкырамза 8 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилки Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи адгыларала имҩаԥысит традициала еиҿкаахо Ареспубликатә ахәыҷтәы реитингтә шахматтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәыӷрақәа!».

Аицлабрақәа рхы аладырхәит 8-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ашахматист ҿарацәа.

Аицлабрақәа рҿы аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Назаренко Марк (ақ. Аҟәа),  Гәыргәылиа Алеқсандра (ақ. Аҟәа),  аҩбатәи аҭыԥқәа – Гәыбаз Нарсоу (ақ. Аҟәа), Хонӡиа Саломеиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи – Лазба Николаи (ақ. Аҟәа),    Ҟаитанба Софииа (ақ. Аҟәа).

6 – шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира игеит   Габуниа Давид.

Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ҳамҭас иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәеи аԥаратә шамҭақәеи..


Read 59 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.