Аԥсны аҳәсақәа есымша ҳтәыла аҿиараҿы рлагала дуун. Шәара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы– аҵаҩцәа, аҳақьымцәа, аҵарауаа, аруаа, азинхьчаратә структурақәа русзуҩцәа, уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рҿы аус жәуеит, аӡәырҩы абизнес аҿы ақәҿиарақәа аашәырԥшуеит.
Еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы шәара шәабацәа, шәашьцәа, шәыԥшәмацәа, шәыҷкәынцәа шәарӷьажәҩаны шәрывагыланы ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи шәыхьчеит.
Шәара хықәкы хаданы ишәымоу рабацәеи рабдуцәеи рыхьӡ казмыршәо, рус назыгӡо здарреи зааӡареи аҩаӡара ҳараку, абиԥара рааӡара ауп.
Шәхашәҿы есымша аччара ықәзааит ишәзааигәоу ауаа рықәҿиарақәа рыла шәдыргәырӷьалааит.
Аҭынчра шәзеиӷьасшьоит! Аныҳәамш шәадныҳәалаз!