АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2022

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСХКЫ ИАДҲӘАЛОУ АТӘЫЛА АНАПХГАРА АЗАКӘАНШӘҞӘҚӘАК АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.

Аҟәа.  Цәыббрамза  27, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аҿы агәабзиарахьчара аусхкы иадҳәалоу атәыла анапхгара азакәаншәҟәқәак аиҭакрақәа ралагаларазы Ақәҵара рыдыркылеит. Аиҭакрақәа ажьырныҳәамза 27, 2022 шықәсазы Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьақәырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи ахылаԥшратә хықәкытә программа «Атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра» иалагалахоит. Уи апрограмма афинанстәра ашәагаақәа ишиашоу иадҳәалоуп.

80 млн.  мааҭ рҟынӡа инаӡо Апрограмма афинанстәра 2022 шықәсатәи ареспубликатә биуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит.

Аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагалахоит ажьырныҳәамза  27, 2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала  ишьақәырӷәӷәаз 2022 шықәсатәи ахылаԥшратә хықәкытә программа «Аԥсны Аҳәынҭқарра амедицинатә усбарҭақәа реиқәыршәара азы амедицинатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи еизакны раахәара».

 

 


Read 427 times - Аҩаша, 27 Цәыббра 2022 18:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.