АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жәабран.2025

Анас Кьышьмариа: амилаҭ аилыхрала ақәыӷәӷәарақәа ареспубликаҿы инхо ажәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьақәеи ҭаацәарак реиԥш реицынхашьа шьаҭанкыла ирҿагылоит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Анас Қьышьмариаԥҳа Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә Еилакы ахантәаҩы Бастрыкин ареспубликаҿы Урыстәыла атәылауаа ашәарҭара рҭаргылареи рзинқәа реилагареи рганахьала аҭҵаара амҩаԥгаразы иҟаиҵаз адҵа инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Апрокуратура Хадеи рахь   азыҳәамҭақәа ҟалҵеит.

«Адинхаҵаратә, амилаҭтә, мамзаргьы даҽа мзызк азы ауаҩы изинқәа реилагара Аԥсны Аконституциеи азакәанқәеи реилагара адагьы, ареспубликаҿы инхо ажәларқәа ркультуреи, рҵасқәеи, рдунеихәаԥшышьақәеи ҭаацәарак реиԥш реицынхашьа шьаҭанкыла ирҿагылоит ҳәа. Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа ҳара  амилаҭеилыхра аарԥшны иақырҭуамыз ауаа рықәыӷәӷәареи цәымӷыс рыҟаҵареи зцыз аибашьра хлымӡах ҳхаҳгеит.  Хыԥхьаӡарала имаҷу аԥсуа милаҭ даараӡа ирнырит ари ақәыӷәӷәара. Аԥсны иҟаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ аҿагылара ҟалар, аԥсуаа ахәыҷы инаркны аду иҟынӡа зегьы шнырҵәахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.  Ҳажәлар амилаҭеилыхра авирус аҟынтәи иӡрыжәны иҟоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳара иаабоит мчрақәак иахьа ари азҵаара аиҭахацыркра, аиҭарҿиара ишашьҭоу. Уи аҩыза ҟалашьа амамзароуп», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Анас Кьышьмариа.

Алхратә кампаниа амҩаԥгареи алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽни Аԥсны иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иусбарҭа абжьааԥны еиԥш аус ауан. Уи азы аофициалтә ресурсқәеи ареспублика амассатә информациа ахархәагақәа рҿы икьыԥхьын.

Урыстәылеи ааигәатәии ахаратәи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟынтәи Аԥсыҟа иааны иҟаз анаԥшыҩцәа ишазгәарҭаз ала, алхратә кампаниеи абжьыҭара апроцедуреи уеизгьы-уеизгьы аилагарада имҩаԥысит. Аха усгьы амассатә информациа ахархәагақәаки аинтернет-ресурсқәеи аполитикатә мотивқәа рыла иҟаҵаз азинеилагарақәа рзы адыррақәа ҟарҵеит, аха урҭ азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аилыргара иаламгаӡеит. Убасҵәҟьа  Аԥсны иҟоу ауаатәыҩса рзиқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иусбарҭа ахь уи азы адҵааларақәеи арзаҳалқәеи нашьҭымызт.

Убасҵәҟьа  Аԥсны иҟоу ауаатәыҩса рзиқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иусбарҭа ахшыҩзышьҭра аҭаны иацклаԥшуеит азинхьчаратә структурақәа «Аԥсны аерманцәа Рхеилак» ахантәаҩы А. А. Минасиан асоциалтә ҳа Аинтернет аҿы аерман милаҭ еиуоу атәылауаа рышьҭазааразы иаларҵәаз ааԥхьара зну аудионҵамҭақәа ирыдҳәалоу афактқәа рзы азинхьчаратә усбарҭақәа рахь иҟаиҵаз иҳәамҭа азхьаԥшра иарҭо».  

Анас Кьышьмариа адинхаҵаратә, амилаҭтә, мамзаргьы даҽа мзызк азы ауаҩы изинқәа реилагара ҟалаӡом ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

 

 


Read 104 times - Аԥшьаша, 20 Жәабран 2025 11:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.