АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2025

Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы азакәан апроектқәа фба ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥысит жәабранмза 12 рзы ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо  Владимир Делба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Михаил Габелиа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Оҭар Хьециа,  Аконтрольтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.

Аилатәара иалахәыз иахәаԥшит «2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект, ареспубликатә биуџьет апараметрқәа инарҭбааны иалацәажәеит. Азакәан апроект актәи аԥхьараҿы  ирыдыркылеит ԥхынҷкәынмза 30, 2024 шықәса рзы.

Анаҩс иахәаԥшит ««Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Авторцәа ргәаанагарала, азакәан апроект ахықәкы хаданы иҟоуп Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Гал араионқәа рҿы ашәахтә льготақәеи урҭ раиуразы алшарақәеи раԥҵара аҳасабала аинвестициатә процессқәа рымҩаԥгара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара ауп.  

Адепутатцәа иара убас ««Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан  аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аусшәҟәы ареспублика иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи аҭышәынтәалара иазырхоуп.  

«Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа амилаҭтә ԥаратә система аҿиара ахымԥадатәра, амилаҭтә ԥаратә дыргақәа рахь агәрагара арӷәӷәара, иара убас атәыла акультуратәии аԥсабаратәии аҭынха апопулиаризациа иадҳәалоуп», – ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.

Анаҩс иахәаԥшит «Иаку асоциалтә шәахтә азы», «Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы», Ареспублика Аԥсны Аконституциатә закәан аиҭакрақәа алагаларазы», «Арепатриантцәа рзы» азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит.

Аилацәажәара ашьҭахь иарбоу азакәан апроектқәа актәи аԥхьараҿы адкыларазы иааиуа асессиа аилатәарахь ацәыргара азы Апарламент адгалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

 

 

 

 


Read 543 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.