Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь, Шаболовка амҩа, аҩны № 36 ала иҟоу абиблиотека №164 аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥхада аартра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рзы иазхиоу алхырҭатә ҭыԥ аӡыргара мҩаԥыргеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи аекстерриториалтә аҭыԥтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиеи.
Алхас Кәыҵниеи Беслан Кобахьиеи москаватәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи аусмҩаԥгатә иаҭааз асасцәеи иддырбеит иахәҭоу анормақәа зегьы ирықәшәо абжьыҭара амҩаԥгара азы азал.
Акомиссиа ахантәаҩы еизаз алхратә ҭыԥхада жәабранмза 15 рзы аус шауло атәы еизаз ирзеиҭеиҳәеит.
Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иарбоу алхырҭатә ҭыԥ аиҿкаара-техникатә еиқәыршәара аганахьала Урыстәыла Алхратә комиссиа Хада иҟанаҵаз адгылареи ацхыраареи ртәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы.
Урыстәыла иаартхоит алхратә ҭыԥхадақәа ҩба – Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы.