АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2024

Ԥхынҷкәынмза 10 – Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, ԥхынҷкәынмза  10,  1950 шықәса инаркны Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш азгәарҭоит.  

Ари аныҳәа ихадоу аҵакы змоу арыцхә иадҳәалоуп - ԥхынҷкәынмза 10, 1948 шықәса рзы  ЕАР Ассамблеиа Хада иаднакылеит, иагьрыланаҳәеит Ауаҩы изинқәа рзы Еицырзеиԥшу адекларациа, анаҩс аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ирыдыргалеит ари Адекларациа атекст аларҵәара, еиҳаркгьы арҵаратә ҵараиурҭақәа, ашколқәа уҳәа рҟны еилыхра ҟамҵакәан, атәыла аполитикатә статуси аҵакырадгьыли иазхьамԥшкәа. Аҩбатәи адунеитә еибашьраан ауаатәҩса ирхыргаз агәаҟрақәа рнаҩс, ари ҷыдала аҵак ду аман.

Есышықәса Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала актуалра злоу апроблемақәа цәырызго иалкаау темак иазкуп. Арҭ атемақәа рыла имҩаԥыргоит еиуеиԥшым аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа, аконференциақәа, ауаажәларратә акциақәа.

Аԥсны азинхьчаратә усура амҩаԥгара

Аԥсны ауаҩы изинқәа ҷыдала астатус амоуп. Урҭ Аконституциа иарбоуп. Иҳәатәуп, 1994 шықәсазы ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь Аԥсны жәлар зҭагылаз ашәарҭара ҳасаб азуны, ишрылаҳәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Аконституциа атәылауаа ирнаҭеит Азеиԥш декларациаҟны ишьақәырӷәӷәаз азинқәеи ахақәиҭрақәеи. Азакәан Хада аҩбатәи ахы ауаҩы атәылауаҩи изинқәеи ихақәиҭрақәеи ирызкуп. Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 11 инақәыршәаны, ареспублика Ауаҩы изинқәа рзы Еицырзеиԥшу адекларациа иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи иара убас аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, ауаажәларратәии аполитикатәии азинқәа рзы жәларбжьаратәи апактқәеи  егьырҭ азеиԥшзхаҵара змоу жәларбжьара-зинтә актқәеи рҿы иарбоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи азханаҵоит.

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа иарбоу азинқәа рыхьчараҿы инарыгӡо ароль ҳаракуп. Урҭ рхықәкы хаданы иҟоуп – ауаажәларра рыҩныҵҟа азакәанра ашьақәыргылареи ашәарҭадара аиқәыршәареи. Иарбоу аусбарҭақәа, рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәҭакахьала ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭрақәеи еилазгар зылшо ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаареи реилыргареи рнапы алакуп.

Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнаҩс аус руеит иҷыдалкаау аҳәынҭқарратә зинхьчаратә институтқәа. Урҭ русура ауаҩы изинқәа рыхьчара амониторинг амҩаԥгара, атәылауаа рзинқәа рыхьчараҿы адгылара рыҭара, иара убас азинхьчаратә ԥышәа аиӷьтәра азы абжьгарақәа рыҟаҵара иазырхоуп.  

Жәабранмза 24, 2016 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылеит анагӡаратә мчра иахьыԥшым аҳәынҭқарратә зинхьчаратә усбарҭа ашьаҭа азышьҭазҵаз «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу изы» Азакәан.  

Ихьыԥшым аинститут 2016 шықәсазы ишаԥҵазгьы, азинхьчаратә ҳәынҭқарратә усбарҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны ҩажәашықәса рыҩныҵҟа урҭ рфункциақәа нарыгӡон. Раԥхьатәи комиссиахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵахаз Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы акомиссиа, уи аԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала № УП-23 хәажәкырамза 21, 1997 шықәсазы. Акомиссиа ахантәаҩы даҭахон Аҳәынҭқарра Ахада иӡбара инақәыршәаны. 1997 шықәсазы акомиссиа ахантәаҩыс далхын Ҳагба В.Ш. Лаҵарамза 22, 1997 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада даҽа иусԥҟак инақәыршәаны (№ УП-28) Акомиссиа ахьӡ ԥсахын Ауаҩы изинқәа рзы амилаҭтә комиссиа (АИАК) ҳәа. Аусԥҟаҿы иазгәаҭан ЕАР изықәнагоу арезолиуциахь уназгаша азхьарԥшқәа, ЕАР 48/134 ԥхынҷкәынмза 20, 1993 шықәсазы Ассамблеиа Хада Арезолиуциагьы налаҵаны.  АИАК ахантәаҩы даҭахон атәыла Ахада ила, АИАК ахаҭарнакцәа реилазаашьа иара убасҵәҟьа ахантәаҩы иадгаларала атәыла Ахада ила ишьақәырӷәӷәахон.

Аԥсны ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара. Зықәра наӡам рзинқәеи ринтерессқәеи аҳәынҭқарратә хьчара аҭара азы иназыцҵоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы рашәарамза 14, 2021 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа ала иаԥҵан ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵура.  Ари аӡбамҭа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара аус аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Ажьырныҳәамза, 2022 шықәса рзы иаԥҵан ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат. Уи ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи реизҳазыӷьареи ршәарҭадареи ахылаԥшра аҭара иалагеит.

Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә институтқәеи хазхаҭалатәхи аиуристтә фирмақәеи рнаҩс иҟоуп иара убас хәыда-ԥсада азинтә цхыраара адгалара ҟазҵо икоммерциатәым аиҿкаарақәагьы. Убас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа иреиуоуп – ауаажәларратә еиҿкаара «Агуманитартә программақәа Рцентр» (ЦГП) ала иаԥҵоу ауаажәларратә дкыларҭақәа реизак. Иарбоу аиҿкаара азиндырҩцәа хәыда-ԥсада аиуристтә абжьгарақәа ҟарҵоит, еиҳа иуашәшәыроу ауааԥсыра рхаҭарнакцәа адгылара рырҭоит. Иарбоу адкыларҭақәа ирҭаар рылшоит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи ауааԥсыра, араҟа ацхыраара рырҭоит уи зҭаху зегьы.

 

 

 

 

 


Read 110 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.