АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤЫЗА-МИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨЦӘА СЕРГЕИ ПУСТОВАЛОВИ ВЛАДИМИР ДЕЛБЕИ АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысыз Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак аилатәара аихшьаалақәеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз анапынҵақәеи  рыла,  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа Сергеи Пустовалови Владимир Делбеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аилатәара иара убас ихы алаирхәит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.      

Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алеқсандр Анқәаб ар амедицинатә, афинанстә, аматериал-техникатә еиқәыршәара аиӷьтәра, аҳақьым-ааԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкаара, Арбџьармчқәа ррезерв аус ацура иахәҭоу аҩаӡара ахь анагара, анхара-казарматә фонд аиҭашьақәыргылареи, иара убас егьырҭ хырԥашьа змам аусқәа рынагӡареи  рганахьала абжьгарақәа рыҟаҵара азы ахылаԥшрабжьаратәи аусуратә гәыԥ аилазаара азы ажәалагалақәа рыҟаҵареи рыдгадареи  рзы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аусуратә гәыԥ напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа  араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ауаажәларратә хьчара аобиектқәа ринвентарнизациа амҩаԥгара аганахьала аус рыцура азы анапынҵа иоуит.


Read 462 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.