АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АШӘАРҬАДАРА ЕИԤМЫРҞЬАЗАРОУП: АСТОЛ ГЬЕЖЬ «АԤСНЫ ҲААМҬАЗТӘИ АДУНЕИ АҾЫ: АҚӘЫӶӘӶӘАРЕИ АШӘАРҬАРЕИ».

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 20 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аконференц-зал аҟны «Аԥсны ҳаамҭазтәи адунеи аҟны: ақәыӷәӷәареи ашәарҭареи» ҳәа атема ала астол гьежь  мҩаԥысит. Уи Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аԥҵара  25 - шықәса ахыҵра инамаданы  имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ААР ала еиҿкаахеит.

Аконференциа аҿы ихадоу ажәахәқәа хԥа ирыԥхьеит. «Ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара еиҿкаашьа аконтекст аҿы Аԥсны агеополитикатә ҭагылазаашьа» атема ала ажәахә даԥхьеит афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чыркба. Аполковник, атәылахьчара Аминистрра арратә зыҟаҵара Аусбарҭа аиҳабы Давид Бжьаниа  ажәахә «Аԥсны арратә шәарҭадара: ашәарҭарақәа, ақәмақаррақәа, апроблемақәа» даԥхьеит.  «Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа Аԥсны амилаҭтә економика амодернизациа афактор аҳасабала»  атема ала ажәахә даԥхьеит  аекономикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор Заур Шьалашьаа.

Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы иамоу аҭагылазаашьа иадҳәалоу апроблемақәеи уи ашәарҭадара арратә аспектқәеи, аԥсуа-урыс економикатә еизыҟазаашьақәеи рзы ажәахәқәа ианырзыӡырҩы ашьҭахь, астол гьежь алахәылацәа ихадоу апунктқәа хԥа злагалоу арезолиуциа рыдыркылеит. Убас:

Астол гьежь алахәылацәа ргәаанагарала, уажәы иҟоу аглобалтә еиҿагылара Мраҭашәара  Урыстәыла иаакәыршаны арратә базақәа рышьақәыргылареи, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, излауа ала еиҳаны атәылақәа, аиҳарак Урыстәыла аҳәаақәа иаԥну атәылақәа, НАТО арратә блок алагалареи роуп изыхҟьо.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы адунеи аҿы, аиҳарак Аахыҵ Кавказ имҩаԥысуа ахҭысқәа Аԥсны азы ашәарҭара аҵазар ауеит. Ареспублика аҿы ашәарҭадара ҵызшәаауа факторны иҟоуп Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аконфликт аҭышәынтәамлара.  

Мраҭашәарантәи адгылаҩцәа рҟынтәи активла ацхыраара зауа Қырҭтәыла Аԥсны ахатәы иурисдикциа ахь архынҳәразы арратә реванш азы агәҭакқәа шамац иаанхоит.

«Ҳара иеилаҳкаауазар ауп аколлективтә Мраҭашәара иазԥхьагәаҭаны иамоу адунеи ашьақәгылашьа аԥсахра аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥ шыҟам. Иара убри аҟнытә Аԥсны иахьа ахықәкы хаданы иҟоуп – Қырҭтәылантәи иаауа арратә шәарҭара аԥхьырҟәҟәаара. Ари аҭагылазаашьақәа раан ҳҳәынҭқарреи ҳетноси реиқәырхара азы акрызҵазкуа астратегиатә ҵакы аиуоит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни ирыбжьоу иӷәӷәоу, аимабзиаратә  астратегиатә еизыҟазаашьақәа», - ҳәа иазгәаҭоу  арезолиуциа атекст аҟны.

Аҿагылаҩ ирратә потенциал ӷәӷәала аизырҳареи Аԥсны аҳәаа аҿы Урыстәыла иаҿагыланы «аҩбатәи афронт» ахацыркреи рзы аҽазышәарақәа аныҟоу аамҭазы,  Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ганрацәала аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара акырӡа аҵанакуеит. Ареспублика аҿы урыстәылатәи аруааи адипломатиатә обиектқәеи рыҟазаара  иалҵшәаны иҟоуп ҳуааԥсыра рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылара.

2.Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара  иааиԥмырҟьазароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит адискуссиа алахәылацәа. Аҭынч аамҭазы  атәылахьчара асистема есааира аиӷьтәра, аҳәынҭқарреи уи аекономикеи аибашьра аамҭазы  аусуралшара азыҟаҵара, арратә инфраструктура арҿиара, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы амилаҭтә система аԥҵареи   хымԥадатәны иҟоуп, аҿар рырра-патриотә ааӡара активла аҽалархәра.  Ауаажәларра рҿы еилыркаауазароп атәылахьчара Аминистрра аструктурақәа ирыҵоу аҵакы ахадареи уи иашьашәалоу амаҵзурақәа ирыхәҭоу афинанстәра рыҭареи ртәы.  Убри аан, аконфликт аҭышәынтәаларазы, Женеватәи аформат уахь иналаҵаны, адипломатиатә методқәа мап рыцәктәӡам.

  1. Астол гьежь иалахәыз ргәаанагарала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи аекономикатә суверенитети рырӷәӷәара азы хадара злоу астратегиатә хыдҵақәаны иҟоуп амилаҭтә економикеи аҳәынҭқарратә напхгараҭареи рсистема ахәҭақәа зегьы еффективла русура алзыршо азинтәии аиҿкаара-економикатәи механиизмқәа реиӷьтәра. Аҳәынҭқарра  аекономика аҿиареи аекономикатә шәарҭадара ашьақәыргылареи  рзы астимул Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә субиектқәеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи Аԥсни рыбжьара аимабзиаратә, еицрфеидоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҟынтәи иҳауеит.

Read 457 times - Асабша, 24 Цәыббра 2022 12:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.