АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Цәыббра.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ашәарҭадара амаҵзура аилатәара мҩаԥигеит.

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа хантәаҩра ззиуаз  Ашәарҭадара амаҵзура аилатәара. Аилатәараҟны иалацәажәеит ишьақәгылаз  адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы, ареспублика ашәарҭадара азҵараа.

Аҳәынҭақарра Ахада дазыӡырҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыштаб Хада Аиҳабы, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Васили Лунев иажәахә. Уи  иуадаҩхаз  аҭагылазаашьаҿы арбџьар мчқәа реидкылара иазкын.

Аҳәынҭқарра Ахада адырра риҭеит иаарласны даҽазныкгьы атәылахьчара архәҭақәа дырҭаараны дшыҟоу азы.

Аилатәара аихшьалақәа рыла Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭарратә усбарҭақәа, иазгәаҭоу аҿҳәара инақәыршәаны, иақәнагоу адҵақәа риҭеит.

 

 


Read 408 times - Ахәаша, 23 Цәыббра 2022 16:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.