АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2022

ТЕРЕКИ РИҴЕИ: ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛЫШЬКЬЫНТЫР АЦГӘЫԤШҚАҚӘА АХЬӠҚӘА РЫРҬЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи амилаҭтә парк аҿы алышькьынтыр ацгәыԥшқақәа ҩба ахьӡқәа роуит.

«Алышькьынтыр ацгәыԥшқақәа руак иахьӡырҵеит Терек. Уи Нхыҵ Кавказ иҟоу зегьы раасҭа иԥшӡоу, адуу аӡиас ахьӡ ауп. Аԥсны иҟоу иблахкыгоу аӡиа иаҵәа Риҵа ахьӡала ахьӡ арҭеит егьи ацгәыԥшқа, - ҳәа Ҟәбинатәи ажәабжьқәа рахь адырра ҟарҵеит  Кавказ алышькьынтырқәа рпопулиациа аиқәырхара Ацентр аҟынтәи.

Алышькьынтыр ацгәыԥшқақәа ран ахылаԥшра бзиа рынаҭоит. Урҭ ргәы бзиоуп, ргәалаҟазаарагьы  зеиӷьаҟам ала иҟоуп, активла ихәмаруеит, рааигәа-сигәа иҟоу зегьы ирызҿлымҳауп, аволиерқәа ртерриториа ҭырҵаауеит, ран алаԥш рхуп. Цәыббрамзазы Ацентр аспециалистцәа арҭ ацгәыԥшқақәа рыкапан гәарҭеит. Урҭ фба-фба кьыла рҟынӡа иҟоуп.

Кавказ алышькьынтыр апопулиациа аиқәырхара Ацентр (Шәачатәи апарк) аҿы ирааӡоз арҭ ацгәыԥшқақәа зыхшаз азиаԥхьатәи алышькьынтырқәа ԥхынгәымзазы ирыхшеит ацгәыԥшқақәа ҩба.

Алышькьынтыр ацгәыԥшқақәа анаҩс аԥсабарахь роужьҭра алзыршо иҷыдоу апрограмма ала ирааӡалоит. Уи ауникалра аҵоуп, даарагьы ақәҿиарақәагьы аанарԥшхьеит.


Read 542 times - Аҩаша, 20 Цәыббра 2022 15:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.