АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2024

Аслан Бжьаниа: урыстәылатәи аинвестициақәа Аԥсны аекономика аҿиара иацхраауеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны урыстәылатәи аинвестиақәа, урыстәылатәи акапитал, урыстәылатәи афактор аҟазаара –  аекономика аҿиара иахьацхраауа адагьы, уи зегьы ареспублика ашәарҭадаразы иназыцҵоу факторны иҟоуп, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра инарҭбаау аинтервиу аҭо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Иара иазгәеиҭеит, иахьа ареспублика аҿы интенсивла аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа.

«Аиҳарак, иарбоу аусурақәа рҟынтәи 90%  уаанӡа иаԥҵаз аԥсны-урыстәылатәи анаплакқәа рыла инагӡахоит. Еилаху анаплақәа аус руеит, Урыстәылантәи аинвестициақәа аларгалоит, убас ала еиуеиԥшым аобиектқәа дыргылоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аинвесторцәа рбизнес азы ишәарҭадоу аҭагылазаашьақәа ахьаԥҵоу атәылақәа рҿы ринвестициақәа алагалара иазхиоуп.  

Аслан Бжьаниа иара убас Аԥсны ианымԥшыр зымуа имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьагьы дазааҭгылеит. 

«Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы уаҳа иҟаларц ахәҭои, ҳара даара имариам аҭагылазаашьақәа рҿы ҳшыҟоу, аҭынчра даара ишыуашәшәыроу, адунеи ашәарҭара ишҭагылоу еилаҳкаарц азы? Дарбан Аԥсны атәыауаа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа иреиуоу Украина анапхгара Қырҭтәыла аоппозициатә мчрақәа рахь иҟоу анапхгара ахҳәареи аҩбатәи афронт аартреи рзы ааԥхьара шыҟанаҵо атәы ззымдыруа. Иҳамоума ҳара ас еиԥш иҟоу ауаа? Иззымдыруада, иахьа аибашьратә хҭысқәа шьҭа  Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра аҿы ишымҩаԥысуа атәы? Изгәаламшәода Қырҭтәылеи Аԥсни ҳабжьара амч ахархәара мап ацәкра азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иахьа-уажәраанӡа ишымҩаԥгам атәы? Иззымдыруада Қырҭтәыла аԥснытәи атерриториақәа рырхынҳәра азы аҽазышәарақәа шыҟанаҵо, аринахысгьы ишыҟанаҵало атәы?»  – ҳәа азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Иара игәалаиршәеит Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи доусы ианраамҭаз ирҳәахьаз:   «Урҭ абас рҳәон: мчыс иҳамоу ҳара ҳажәлар ргәрзыҳәареи урыстәылатәи аҳәынҭқарра адгылареи руп. Убри ада изыҟаларым ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш».

«Урыстәылеи акык-ҩбак егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рыда Аԥсны ҳәа иҟоу атәыла уаҳа аӡәгьы иазхеиҵаӡом. Убри аҭагылазаашьа рхы иархәаны ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа иреиуоу џьоукы аиҳарак ала Аԥсны аҳәынҭқарреи уи атәылауааи ринтересқәа ирықәшәо азҵаарақәа рыла  Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аибарххара шьақәдыргылоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Уи иазгәеиҭеит, 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азханаҵаанӡа ареспублика ахацәа иреиуаз реиҳарак уи аҳәаақәа рыхьчараҿы игылан ҳәа.

«Ҳара ҳарратә шәарҭадареи ҳҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчареи рызҵаара аӡбара зыбзоурада? Иарбан ҭоурыхтә хҭысу уи зегьы зхылҿиааз? Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рдискредитациа знапы алаку зегьы сара аҭакԥхықәра злам ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, ахара имхәыцуа, изықәтәоу амахә зхала иԥызҟо ауаа руп ҳәа иазгәасҭоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

 

 

 

 

 


Read 151 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.