«Цәыббрамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр асаит аҿы ианылеит аполитикатә партиа «Амцахара» аполитхеилак алахәыла, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныбылтәы» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Корсантиа иҿцәажәара. Уаҟа иара Апарламент адепутатцәа раҳаҭыр лазырҟәо ацәажәарақәа ихы иаҭәеишьеит.
Ҳара иарбоу аҳәамҭа идырны, атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хада аҳаҭырларҟәра хықәкы аманы иҟаҵан ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Иазгәаҭатәуп, В. А. Корсантиа иҿцәажәара, Жәлар Реизара-Апарамент атәыла аполитикатә мчрақәеи аҭакзыԥхықә хаҿқәеи атәылаҩныҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа аибарххарахь иназго хра злам ашьаҿақәа рҽацәырыхьчарц азы иҟанаҵаз ааԥхьара инашьҭарххны ишцәырҵыз. Аха ҳара ҳааԥхьара Аԥсны зегь реиҳа зхыԥша дуу аполитикатә партиақәа иреиуоу апартиа ахаҭарнак иганахьала хырҩа амҭакәа иаанхеит. Ҳара ҳаҭыр дула ҳарзыҟоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, даара пату ақәаҳҵоит, ҳазгәдууп урҭ Аԥсадгьыл ахьчараан иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи. Аха ас еиԥш иҟоу аҿагыларатә ҟзшьа змоу ақәгылара азхьаԥшрада иазҳзааныжьуам. Жәлар Реизара-Апарламент мышқәак ирылагӡаны, В. А. Корсантиа адепутатцәа рганахьала иахәҭоу ажәақәа иԥшаап ҳәа агәыӷра аманы, хықәкыла аҭак аҟаҵара ҟазшьа змоу изеиԥшразаалак ауснагӡатәқәа мҩаԥнамгаӡеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иазгәаҳамҭар ауам, анаҩс ицәырҵыз В.А. Корсантиа иҟаиҵаз ахцәажәара аҿы ҳара иаҳмаҳаит уи уаанӡа ииҳәаз аганахьала изеиԥшразаалак ахьхәра атәы зҳәоз ажәақәак. Ҳара иарбоу ахцәажәара аофициалла аҭамзаара ашьҭаҵара аҳасабала иҳазҳадкылаӡом, аморалтә гәынаӡарагьы ҳазцәырнагаӡом ас еиԥш иҟоу аҭак.
Жәлар Реизара-Апарламент, азакәанԥҵара анаҩсгьы ахылаԥшратә фунциақәагьы змоу аусбарҭа аҳасабала, иҟоу азакәан инақәыршәаны анаҩстәи ашаьҿақәа рыҟаҵара азы азин анагӡара ахахьы иагоит».