АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2024

Алеқсандр Иушьенко урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахәҭак аанкылара азы: иҿыцу ааԥхьара ҿыцқәа аҭагылазаашьа аиҭакра абанӡарылшо?

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Цәыббрамза 1, 2024 шықәса инаркны урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахәҭак аанкылахеит.   Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, Акоммунисттә партиа (КПРФ) афракциа ахаҭарнак Алеқсандр Иушьенко ари аӡбамҭа дахцәажәеит.

*** Аилатәара апкаанҵа инақәыршәаны,  Урыстәыла акоммерциатә еиҭамҵуа амазара аџьармыкьа аҿы урыстәылатәи аинвесторцәа рзы аԥкрақәа раԥыхра, наҟ-ааҟтәи аӡбаратәи арбитражтәи азыӡбақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара, иара убас урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы аҽадцалара  аарԥшуа азҵаарақәа  ықәныргылоит.   Арҭ  адцалара ҟазшьа змоу агәҭакқәа рыкәша-мыкәша Урыстәыла адагьы, иара Аԥсны аҩныҵҟагьы имаҷымкәа азҵаарақәеи адискуссиақәеи ахылҿиааит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Алеқсандр Иушьенко RTVI акорреспондент диҿцәажәо наҟ-ааҟтәи аӡбаратә зыӡбақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи, аиурисдикциақәа реишьашәалара ахымԥадатәра анаҩс Аԥсны ихьыԥшым аҳәынҭқарра астатус шамоу атәгьы ухамышҭуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭет.  Аиурисдикциа иадҳәалоу азҵаарақәа рыла аилацәажәареи аҩ-ҳәынҭқаррак рпарламентариақәа рыбжьара акомпромисс аԥшаареи  рҭахуп.

«Аԥхьа иргыланы, наҟ-ааҟтәи аӡбаратәи арбитражтәи азыӡбақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра аратификациа азура иадҳәаланы иазгәаҭатәу абри ауп.  Иаиашоуп, арбитражтә ӡбарҭақәа аишьашәалара рҭахны иҟоуп, аха усҟан иаҳхамышҭып, Аԥсынгьы – ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Иаҳҳәап, урыстәылатәи аӡбарҭақа риурисдикциа Аԥсны иахьаҵанакуа аус аура иалагеит, усҟан логикала ухәыцуазар, аԥснытәи аӡбарҭақәа риурисдикциагьы Урыстәыла иахьаҵанакуагьы аус аулароуп. Иҟоуп адискуссиа, иҟоуп азҵаара, сара сгәаанагарала уи Урыстәылеи Аԥсни рпарламентариацәа реиҩызара агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны алацәажәара мҩаԥгазар алшоит, дара рыхәҭаала, аполитикатә мчрақәеи аиҳабацәеи алархәны инарҭбаау адискуссиа мҩаԥганы акомпромисстә ӡбамҭа рыдыркылар алшоит, избан акәзар ҭыԥк аҿы агыларагьы ҟалаӡом.  

Еиҭамҵуа акоммерциатә мазара аџьармыкьа аҿы урыстәылатәи аинвесторцәа рзы иҟоу аԥкрақәа ирыдҳәаланы акәзар,  Урыстәыла атәылауаа иарбанызаалак еиҭамҵуа акоммерциатә мазара аархәар рылшоит    (анаплакы, мамзаргьы аусура иазхиоу асасааирҭа). Ааи, иҟоуп адискуссиатә зҵаара апартаментқәа ирыдҳәаланы, сақәшаҳаҭуп, азакәан адкылара аҭахуп, аха аформулировка аԥсахрақәа ралагалара убасҵәҟьа ихымԥадатәиуп.  

Арҽеира аҭахуп урҭ рхыԥхьаӡарагьы (иаразнак жәанызықьла акәымкәа, аԥышәатә проектқәа рыла иалагатәуп), атәылауаа рзы аргылара аҟынтә хра злоу аеффект аарԥшра алыршара, уи Аԥсны жәлар реиҳарак ирзыманшәалахо аҟаҵара. Иааизакны апроблема комплексла алацәажәара аҭахуп. Аха сара араҟа исызцәырҵуеит азҵаара: Урыстәыла ирыдыркылахьоума  апартаментқәа рзы азакәан? Уи, сара иахьынӡаздыруа, абар шьҭа изныкымкәа Аҳәынҭқарратә Дума ахь ахәаԥшреи адыклареи рзы инарышьҭхьеит, аха убасҵәҟьагьы ихьадырҽуан, избан акәзар уи ишахәҭоу ала аус адулаӡамызт азы.

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа аинветициатә проектқәа рынагӡара иадҳәаланы акәзар, аинвестициатә климат азы азакәан аредакциақәа руак аҿы – сара исыздыруам, уи арҽеира иахысу иахымсу, аха уи аредакциақәа руак аҿы Ареспублика Аԥсны иалало аҳәаанырцәтәи аинвестор 25 шықәса рыҩныҵҟа, аха нас иарбоу аҽҳәара иахьынӡаздыруа 8 шықәса рыла ирыԥсахит –Иназыцҵоу ахәԥсазы Ашәахтәгьы уахь иналаҵаны,  ашәахтәқәеи егьырҭ ашәатәқәеи алагалақәеи рҟынтәи рхы иақәиҭхоит ҳәа иарбоуп. Нас ҵаара ԥхашьарам, аҭыԥантәи абизнес ҿтиашьас иамоузеи усҟан? Зынӡа иԥсыр аума? Ҳәара аҭахума, аҭыԥантәи ауааԥсыра агәынамӡара аадырԥшуеит, иақәшаҳаҭӡам, убри аҟнытә аганқәа еицырзеиӷьу азааибагара аҭахуп.

Даҽа ганкахьала, адырра шәысҭар сҭахуп, аԥснытәи апарламентариацәеи ҳареи 3 шықәса  рыҩныҵҟа Ареспублика Аԥсны азаәканԥҵареи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи реишьашәалара ашьаҭала Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥаагеит. Сара иахьынӡаздыруа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ала, апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылахьеит 27 инареиҳаны азакәанқәеи аиқәшаҳаҭрақәеи, апроктқәа рыхәҭак ахәаԥшразы ирхианы иҟоуп. Сара исгәалашәаӡом аҵыхәтәантәи 10 шықәса рыла ас еиԥш адинамика ыҟаны.

Иааизакны азҵаарақәа рацәоуп, уеизгьы, анс аума, ас аума, Аԥсны ауааԥсырагьы Урыстәыла аус ацура аҳәаақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи  иазхиоуп, аха убри аан уи зегьы ақәыӷәӷәара,  адҵаҭарала аргылара аусхкы мҩаԥызго роума, аолигархцәа роума ринтерессқәа рӡыргара акәымкәа, аԥсуа жәлар рколорити ркультуреи рыхьчара алзыршо аҩганк еицырзыфеидоу аусеицуреи аидыглареи раҳасабала ауп ишымҩаԥыслаша. Избан акәзар, ҳара ҳтәылауаа Москвеи Шәачеи зегьы зымҽханакыз аурбанизациатә ргылара абара азы акәымкәа, абри аколорит абара азы ауп уахь изцало.  Уаҟа иҟоу аҭыԥантәи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 250 –нызықьҩык рҟынӡа ауп иахьынаӡо. Урҭ Урыстәылеи дареи русеицурала уаҵәтәи рԥеиԥш зеиԥшрахо даара иазхәыцуеит.  Ԥсҭазаашьас иҟалои уаҟа уаҵәы? Амшын иқәнаӡәӡәаауама, мамзаргьы ашьхарахь ихаланы инхар акәхоума? Мамзаргьы, дара иаԥшәыманы рыдгьыл аҿы ишынхац инхо, гәаартыла рыҩнашәқәа рысасцәеи рҩызцәеи рзы иаадыртуа иҟало.

Убри аҟнытә дара ирылшо ала рхаҭашьара, рмилаҭтә колорит аиқәырхара рҽазыршәоит. Ҳара зеиӷьаҟам аҿырԥштәы ҳамоуп.   Аидгыларатә ҳәынҭқарра Белоруссиа-Урыстәыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵахьоугьы иҟаиҵогьы  даара ирацәоуп ас еиԥш амодель анагӡара алыршара азы.

Урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа ари сааҭк ала 300 километр аҟынӡа амашьна арццакрала афиниш аҟынӡа анаӡаразы «Формула - 1» ҳәа изышьҭоу  автоеиԥхныҩлара акәӡам. Ари даараӡа ипоу, ҩганклатәи аныҟәара змоу, иҿҟьарсҭоу, убла хызхуа ашәаԥыџьаԥ иагәылсны ицо ашьхамҩа ауп.  Араҟа дарбанызаалак маҷк ахақәгәыӷцәареи  агәҽанымзаареи раарԥша иахҟьаны  кавказтәи ашьхатә хылаӷьарахь дагар ауеит.

 

 

 

 

 


Read 243 times - Асабша, 07 Цәыббра 2024 09:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.