2022 – 2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аҳәынҭқарратә программа анагӡара азы аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аԥсуа ган аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рынагӡара ианыцәхьаҵ аамҭазы, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра афинанстә цхыраара Аԥсны афинансқәа Рминистрра ахәҭакахьала, мамзаргьы инагӡаны азоужьра аанкылара азин амоуп.
Зынагӡара аҽҳәара нанҳәамза 1, 2024 шықәса рзы ихыркәшахаз азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хазы игоу апунктқәа аԥсуа ган ала инагӡаны иахьынагӡам инамаданы, урыстәылатәи аган агәабзиарахьчара, аҵарадырра, акультура, аспорт, ауааԥсыра рсоциалтә маҵзура, уҳәа аусхкқәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа есымзатәи руалафахәы иаҟароу афинанстә цхыраара азоужьра аамҭала иааннакылеит. Нанҳәамза мацара азы иарбоу аҭаххра ахышәа-ҵышәа 141,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Хәҭакахьала урыстәылатәи афинанстә цхыраара аамҭала ишаанкылазгьы, аԥсуа ган асоциалтә усхк аҿы аус зуа аусзуҩцәа зегьы руалафахәы ашәара азы абиуџьеттә ҭакԥхықәрақәа нанагӡалоит, егьырҭ абиуџьеттә ныхтәқәа реиҵатәралагьы уахь иналаҵаны, избан акәзар, асоциалтә зкызаара змоу аныхтәқәа абиуџьеттә система азы ихьчоу нахтәқәаны иҟоуп. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ари аицҵалыҵ 700 млн. мааҭ иреиҳахоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.