АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Цәыббра.2024

Сергеи Шамба аԥсныжәлар зегьы рыхшыҩ ааилаҵаны аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҽеиразы иҟаҵатәу иазхәыцырц рабжьигоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба имҩаԥигаз абрифинг атема хадас иҟалеит «Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара апкаанҵа» ҳәа хыс иаманы мышқәак раԥхьа асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент аҿы ицәырҵыз аусшәҟәы.  

«Сара сыхьӡала еиԥш Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩи Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡалеи ҳтәыла аоппозициатә аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәа рнапы зҵарыҩыз ақьаад ааит. Дара иарбоу аусшәҟәы ахаҭара иазҵаауан.  Убри инамаданы иацы (цәыббрамза 2 рзы – АП аред. азгәаҭара) ҳара адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аиԥылара ҳаман. Уи рхы аладырхәит Рауль Лолуа, Кан Кәарҷиа, Адгәыр Арӡынба, Омар Смыр. Ҳара сааҭки бжаки инарзынаԥшуа инарҭбааны, инҭкааны, акы бжьамыжькәа иарбоу азҵаарала ҳаилацәажәон, сара сгәаанагарала, ари атема нагӡаны аилкаара аиуит. Аха, ауаажәларра рыҩныҵҟагьы аинтересс ӷәӷәа ахьыҟоу инамаданы, сара абрифинг амҩаԥгара сақәшаҳаҭхеит, азҵаарақәа рҭак аҟаҵарагьы сазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Иарбоу аусшәҟәы ахаҭара иадҳәаланы акәзар, Сергеи Шамба иажәақәа рыла, аофициалтә каналқәа рыла аиԥш-зеиԥшу џьара акы мааӡеит.  

«Уи атәы  сара исҳәеит аоппозициатә мчрақәа рхаҭаранакцәеи сареи ҳиԥылараҿгьы. Ҳара уи ихаҭоу аофициалтә усшәҟәып ҳәа ҳазҳәаӡрм, убри аан, уаҟа иқәыргылоу азҵаарақәа, изныкымкуа уажәаԥхьагьы еиуеиԥшым аиԥыларақәа рҿы ирылацәажәахьан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы иԥыларақәагьы уахь иналаҵаны. Излацәажәоз ҳхахьы иаҳгаз аҭакԥхықәрақәа рынамыгӡара иалкаау санкциақәак рымҩаԥгара цәырнагар алшоит ҳәа акәын», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба. Убри аан иара иазгәеиҭеит асанкциақәа аусура ишалагаз цәыббрамза 1 инаркны.

«Цәыббрамза 1 инаркны ашәатәқәак рфинансыркара аанкылоуп. Уи зыдҳәалоу аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, амчратә структурақәа, уҳәа роуп. Уи, еилкаау усуп, раԥхьатәи ашьаҿакәа роуп макьаназы.  Иара убас, шьҭарнахыс есӡынра зда ԥсыхәа ҳамамкәа иааҳадгыло афымцамч Урыстәылантәи аиагара азҵаара аӡбарагьы ауадаҩрақәа ацлоит. Уажәшьҭарнахыс уи ахәԥса ахшәаара акоммерциатә шьаҭала имҩаԥгатәхоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.

Иара иазгәеиҭеит, апкаанҵа аҿы излацәажәо аиԥылара мҩаԥысит нанҳәамза 19 рзы Урыстәыла Ахада Иусбарҿа аҿы, убри аан, асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәаз аусшәҟәы, иара ишарбоу ала еиқәыршәан нанҳәамза  26 рзы.

«Аҳәынҭқарра Ахада усҟан ари аусшәҟәы  аҩраан дыҟаӡамызт, убри аҟнытә уи ашьақәырӷәӷәарагьы илымшаӡеит. Акы заҵәык, иҟаиҵаз, - иара Апарламент адепутатцәеи аоппозициа аԥхьагылаҩцәеи  анаҩс урыстәылатәи атәылауаҩра рымхра азы ирызкны изеиԥшразаалак адыррақәа дарбанызаалак  иҭара азы аҭакԥхықәра ихахьы имгаӡеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Сергеи Шамба ауаажәларра рыхәҭаки аоппозициатә мчрақәа рхаҭарнакцәеи урыстәылатәи атәылауаҩра амхра азҵаара агәҭынчымра рызцәырнагеит ҳәа иҳәеит. Убри аан дара аусура иалагахьоу асанкциақәа иахәҭоу ахшыҩзышьҭра арҭаӡом ҳәа наҵшьны иазгәеиҭеит.

«Убри ауп ҳара иахьа ҳазлацәажәаша, убри ауп иахьа зегьы реиҳа агәҭынчымра узцәырызгаша. Ҳабакылнагои ҳара ас еиԥш ашьақәгылара иаҿу аҭагылазаашьа, Аԥсны ишьақәгылоу аҭагылазаашьа зеиԥшрахозеи, уи алҵшьас иҳамоузеи, ас еиԥш иҟоу аконфронтациа анаҩсгьы иҟалар? Сара сгәаанагарала, ҳауаажәларра раԥхьа иргыланы изызхәыцша абарҭ азҵаарақәа роуп», –  ҳәа иҳәеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Сергеи Шамба иажәақәа рыла, атәылауаҩра амхра – ахархәара зылшо санкциоуп.

«Шәара ижәдыруеит, уи зехьынџьара инарҭбааны ахархәара шамоу. Хара ҳазцои, иаҳгәалаҳаршәап Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәа урыстәылатәи атәылауаҩра шрымырхыз атәы. Уи урыстәылатәи аган аусдырра ахь иаҵанакуеит. Ари азҵаара ҳара џьара акала анырра ҳзаҭаӡом. Дара џьоукы Урыстәыла аганахьала хра злам азыҟазаашьа рымоуп ҳәа ирыԥхьаӡар, уи иаанаго, урҭ дара рганахьала асанкциақәа рхархәара иалагар рылшоит ҳәа ауп», – ҳәа иҳәеит аминистр.  

Сергеи Шамба Аслан Бжьаниа уажәы Москва дыҟоуп, уи ишьақәгылаз аҭагылазаашьа алҵра иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы аиԥыларақәак рымҩаԥгара игәы иҭоуп ҳәа ажурналистцәа адырра риҭеит.

«Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа асанкциақәа  аанымкылахар, уи аӡәырҩы ирԥырхагахар алшоит.  Ҳазхәыцлоит ари аҭагылазаашьа алҵшьас иамоу», – ҳәа иҳәеит  Сергеи Шамба.

Урыстәылеи Қырҭтәылеи аҵыхәтәантәи аамҭазы реизыҟазаашьақәа рылацәажәара азы иҟаҵаз аҳәара аҭак аҳасабала аминистр иҳәеит:

«Сара сгәаанагарала ҳара иаҳзеиӷьуп урҭ иҭышәынтәаланы аҿиара роур. Сара агәра сызгом Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара шьҭахьҟа архынҳәара азы ашьаҿа ҟанаҵап ҳәа», – иҳәеит Сергеи Шамба.

Иара игәаанагарала, Аԥсны аҩныҵҟа ауаа рхала ахныҟәгара рцәыхьанҭахо, рыԥсҭазаашьа акыр изыруадаҩуа  аҭагылазаашьа ашьақәгылара ауп раԥхьа иргыланы изыцәшәатәу.

«Убри ауп раԥхьа иргыланы изыцәшәатәу Урыстәылеи Қырҭтәылеи мышкы зны иҭышәынтәалоу аизыҟазаашьақәа ахьрыбжьарҵо, сара сгәаанагарала, ацәшәара аҭахӡам, избан акәзар, аигәылацәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа еснагьгьы иабанызаалак аҳәынҭқарра азы акыр аҵанакуазароуп. Қырҭтәыла хара имгакәа имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рҿы аконфронтациатә гәҭакқәа змоу аоппозициа аиааира агар, сара сгәаанагарала, уи зынӡа ҳара ҳинтересқәа ирықәшәаӡом», – ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба. 

Ажурналистцәа нанҳәамза  26 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟаз аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара зымҩаԥымсыз иазҵааит.

«Урыстәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа аӡәырҩы нанҳәамза 26 рзы аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара амҩаԥгаразы иаараны иҟан, аха аилатәара амҩаԥгара ахыргеит. Сара иахьынӡеилыскаауа, Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны урҭ ирҭахымхаӡеит афинансыркра шаанкылахо атәы аҳәара», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.

Аминистр иара убас аоппозициатә мчрақәа Лыхнашҭа жәлар реизара амҩаԥгара азы ирымоу агәҭакы дахцәажәеит.

«Ажәлар еизугозар, уи зыҟаҵатәу џьоукы урыстәылатәи атәылауаҩра рымырхыр ахьалшо азы акәӡам, уимоу, иахьа макьаназы уи иҟало иҟамло еилкааӡам, ауаа еизугозар Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аԥхасҭахара ианалаго аҭагылазаашьа аҿы наҟ-наҟ иҳаԥсҭазаашьахо ауп излацәажәатәу. Ҳара иахьа иаабаратәы иҟоуп Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа хра злам аҿиара шаиуз, уи аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟаҵоу, уажәы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уаанӡа иҟаз иаҿырԥшны уахәаԥуазар акыр аҽшеиҭанакыз, уимоу, уи еиҳагьы еицәахар шалшо. Убри аҟнытә, ауаа анизуга уразҵаар ауеит иазхиоума дара ас еиԥш ахҭысқәа рыҿиара  иадҳәаланы ишьақәгылар зылшо аҭагылазаашьа аҿы анхара ҳәа.  Иазхиоума дара рҭаххрақәа рырмаҷра, иазхиоума ԥыхьа еиԥш, Аԥсны аекономикатә аблокада ианҭакыз аамҭазы ишынхоз анхара, мамзаргьы иазхиаму?" –  ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.

Сергеи Шамба иажәақәа рыла, Урыстәыла, адгылаҩ иаҳасабала Аԥсны аганахьала агәынамӡара шьақәгылеит.

«Ари уаанӡа иҟаз акәӡам иҟоу. Сара ибзианы исгәалашәоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь урыстәылатәи ауаажәларратә еилазаара ишаҳзыҟаз. Уи аҩыза иахьа иҟаӡам. Ҳара зегьы ҳахәҭаа алоуп ас еиԥш аҭагылазаашьа ашьақәгылара аҿы. Шәааи, ҳаицхырааны, ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ҳҽазаҳшәап ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира. Асоциалтә ҳақәа рҿы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рганахьала ирацәаны  анегатив аҭыԥ амоуп. Убри аҟнытә шәааи ҳаицхырааны иҳалшо зегьы ҟаҳҵап ҳастратегиатә аидгыларатә ҳәынҭқарреи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьхарц азы. Уи ҳара зегьы иаҳзеиԥшу аинтересқәа ирықәшәоит. Ҳара иахьа ҳанхоит иуадаҩу, ессааира зҽеиҭазкуа адунеи аҿы. Ашәарҭарақәа рацәоуп иахьа Аԥсны азы мацара акәымкәа ауаатәыҩсара зегьы рзы. Адунеизегьтәи асистема аиҭеиҿкаара есымша аглобалтә проблемақәа ацын, ҳаргьы иахьа аҿҟьарсҭа аҿы ҳааины ҳаҟоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

 

 

 

 

 

 

 


Read 261 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.