Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенко ииубилеи идиныҳәалеит, - ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Лукашенко ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы хаҭала илагала ду азгәеиҭеит. Уи иара убас Белоруссиа Аԥсны ареспублика жәларбжьаратәи арена аҿы ианаҭо адгылара акырӡа ахә ҳаракны иршьоит, анаҩсгьы аусхкқәа зегьы рҿы аҩганктәи аусеицура аҿиара иаззхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа! Аԥсны жәлар ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала 70-шықәса шәхыҵра аиубилеи шәыдысныҳәалоит.
«Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа еиԥҟьарада шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура иазкуп. Шәара зымч-зылша, зԥышәа атәыла аҿиареи аизҳазыӷьареи зыжәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәреи ирызку иналукааша амилаҭтә ԥыза изы ҿырԥшыга бзианы шәыҟоуп. Шәара шәнапаҵаҟа Ареспублика Белоруссиа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны алҵшәа бзиақәа аиухьеит аиурагьы иаҿуп, жәларбжьаратәи аренаҿы авторитет иаҳа-иаҳа арӷәӷәара иаҿуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Алеқсандр Лукашенко ипрофессионализм ҳаракы, ижәлар ринтерес аԥхьа изыргыло ҳәынҭқарратә усзуҩны дшыҟоу. «Шәара ишәылоу ахарахәыцреи адипломатиатә ҟазареи ирыбзоураны аԥышәа змоу ҳаҭыр-пату зқәу, адунеитә политика аҿы зажәа акыр алнадо, зыжәлар аинтересқәа рыхьӡара аԥхьа изыргыло аполитикатә усзуҩ нага иаҳасабала шәеицырдыруа шәыҟоуп», - ҳәа иануп адныҳәалараҿы.
Иара убас Аслан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Аԥсни Белоруссиеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҭбаареи ишацырҵо, Белоруссиа ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
«Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп хаҭала Шәара шәлагала ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аус аҿы. Белоруссиа Аԥсны ареспублика жәларбжьаратәи арена аҿы ианаҭо адгылара акырӡа ахә ҳаракны иршьоит, анаҩсгьы аусхкқәа зегьы рҿы аҩганктәи аусеицура аҿиара иаззхиоуп. Агәрагара сымоуп ҳтәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рахь ҳашкылнаго», - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа белоруссиатәи иколлега Алеқсандр Лукашенко изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, агәамч, анасыԥ, ареспублика ахьӡала аҳәынҭқарратә усқәа рҿы ақәҿиара дуқәа, Белоруссиа ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
«Азин сышәҭозар, Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Григори-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьар сҭахур зегьы раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, белоруссиатәи ажәлар реизҳазыӷьара иазырхоу аҭакԥхықәра зцу шәҳәынҭқарратә усура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи алҵшәа бзиақәеи. Шәара шәиашара, шәеицамкра, шхьаҳә-хьачарадара аринахысгьы мҩақәҵаганы иҟалааит шәнапы злаку имариам аҳәынҭқарратә ус аҿы», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҿы.
Аслан Бжьаниа инапынҵала Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба Минск ақалақь аҿы Алеқсандр Лукашенко Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.
"