Сергеи Подпругин Аԥсныҟа дааит Бриансктәи аобласт аҟынтәи. Аибашьраан иара аӷа итыл ахь 40 аибашьратә ҵыԥраарақәа наигӡеит. Иара ифырхаҵареи игәымшәареи ирыбзоураны амацәаз иҭакыз ақалақь Ҭҟәарчал иалган 500-ҩык инареиҳаны аҳәсеи ахәыҷқәеи, Ҭҟәаралҟа инаган хыԥхьаӡара рацәала абџьари аџьаԥҳани, ахәшәқәа, афатә аалыҵқәа, абылтәи ахьтәи. Аекипаж аԥырра акыр ашәарҭара аҵан. Аԥырҩы амш аҭагылазаашьа дамыхәаԥшӡакәа, уахынла аума ҽынла аума, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло, алшара шааиоузҵәҟьа қәҿиарала ихыдҵақәа наигӡон.
Сергеи Подпругин ҳаҭырла дыргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.