Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура агәыҭҟьара цәырызго имцырку ажәабжьқәа ирзымӡырҩырц, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ааигәа иҟоу аҩнқәа рҿы инхо ауааԥсыреи агәҽанызаара аадырԥшларц азы аҳәара ҟарҵоит.
14.Цәыббра.2022
ЦӘЫББРАМЗА 15 ИНАРКНЫ 27-НӠА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНТИТЕРРОРИСТТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, цәыббрамза 15 -27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит. Аҽызаҟаҵарақәа Аҟәатәи амшынтә баӷәазеи уи иаԥну аҵакыреи рҿы имҩаԥыслоит.