Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба цәыббрамза 23 рзы ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.
Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь ауааԥсыра зегьы акциа рхы аладырхәырц рықалақь гәакьа иацхраарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.
Анаплакқәа, аиҿкаарақәа, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәеи егьырҭ аусбарҭақәа рхадацәеи доусы ирыҵанакуа атерриториақәа рҭеиҭыԥш арҽеиразы аилыргаратә усурақәа нарыгӡарц азы азԥхьанҵа рыҭоуп.
Ахатәы ҩнқәа змоу убасҵәҟьа рыҩнқәа иаԥну аҵакырақәа рҿы асанитартә еилыргара амҩаԥгара рабжьгоуп.
Акциа алахәылацәа зегьы иахәҭоу амаругақәеи аинвентари рыла еиқәыршәахоит.