АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Нанҳәа.2024

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Елҟан Гәазаа иԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Ҵкәуа зыхьӡ нагоу аԥснытәи атлетхьанҭа  Елҟан Гәазаа дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аәари апорти рсқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ааигәа Елҟан Гәазаа Урыстәыла ачемпионат аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.  Ачампионат мҩаԥысуан ԥхынгәамзазы Новосибирск ақалақь аҿы.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар, аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглы, иара убас Аҳәынҭеилакы егьырҭ аспециалистцәа.  

Роман Ҵкәуа аспортсмен иигаз аиааирақәа идиныҳәалеит, аринахысгьы ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи изеиӷьашьеит. «Ҳара иудаҳныҳәалоит Урыстәыла ачемпионат аҿы қәҿиарала уқәгылара. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп уаԥхьаҟа иаҳа ақәҿиарақәа рацәаны ишузыԥшу», - ҳәа иҳәеит Роман Ҵкәуа.

Зыхьӡ нагоу аспортсмен Урыстәыла ачемпионат алахәхара аҟынтәи иоуз ацәыныррақәа ртәы еиҭеиҳәеит. Аиԥылара ахыркәшамҭаз Роман Ҵкәуа аспортсмен иаԥхьаҟа ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахьӡала аԥаратә ҳамҭагьы ианеишьеит.

 


Read 116 times - Аҩаша, 06 Нанҳәа 2024 04:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.