АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2024

Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа ареконструкциа иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахырәшарахь инеиуеит Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа ареконструциа иадҳәаланы мҽхакы ҭбаала зынагӡара мҩаԥысуаз апроект. Ари аҵакыра ахәҭа уаанӡа аиасразы акыр иуадаҩны иҟаз, уажәы маҷ-маҷ аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы еиԥш атуристцәагьы рзы иманшәалоу маршрутны аҟалара иаҿуп. Амҩа акаҭран ақәҵара мҩаԥысуеит Аҟармара аҳабла аҿы Ҭҟәарчал аганахьала ақьафурҭа «Лашькьындар» ахьгылоу аҟынӡа.

Шьаҭанкыла аргылара азы Аусбарҭа атехникатә хылаԥшра анџьныр Ҭемыр Ҵәыџьба иажәақәа рыла зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа амҩа аура 15 км. рҟынӡа инаӡоит, аҭбаара –  6 метрак.  

Ҳара ишьҭаҳҵо акаҭран аҿыгҳара иааизакны 9 сантиметрак ыҟоуп   ҩ-ҿысҭакны ишьҭаҳҵоит, актәи, ихадоу– 5 сантиметрак  рҟынӡа инаӡоит, аҩбатәи, ариашара-хыркәшаратә – 4 сантаметрак рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Ҵәыџьба.

Уажәы инагӡоуп 70% рҟынӡа аусурақәа.  Иҳаҩсыз ашықәс, лаҵарамзазы ихацыркыз ари апроект ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп. Убри аан аргылаҩцәа уи ҽҳәараанӡа, жьҭаарамза иалагӡаны анагӡаразы агәҭакқәа рымоуп.

Ари амҩа ареконструциа арегион ашҟа атранспорт ала анаӡара акы иармариоит. Уаанӡа Ҭҟәарчалынтәи Аҟарамаранӡа амҩаданыҟәагақәа рыла сааҭки бжаки раҟара амҩа уқәхозҭгьы уажәы, аусурақәа зегьы шынагӡамгьы, амҩа ақәзаара  аамҭа 30 минуҭ рҟынӡа икьаҿхеит. Уимоу, шьҭа атуристтә обиектқәа рҟынӡа иласу автомашьына, мамзаргьы атуристтә микроавтобус ала унаӡар алшоит.

Иҟалаз хра злоу аиҭакрақәа азгәарҭахьеит Ҭҟәарчал араион ауааԥсыреи атуристтә обиектқәа русзуҩцәеи.

«Уаанӡа ҳара аусурахь амҩа ҳақәхон сааҭк еиҳаны, уажәы акәзар ари амҩа 20 минуҭ рыла ҳанысуеит. Ари акыр иармариеит есыҽнытәи ҳаԥсҭазаара», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит  ақьафурҭа «Иԥшьоу аӡхыҽҽа аҿаԥхьа» («У святого водопада») аҿы ахәыҭаҩыс аус зуа Оксана Ҭарба.

«Ҳара есымша иҳаҳауан арахь аара акырӡа иуадаҩуп ҳәа, аха уажәы ҳара арахь ҳааит зынӡа џьара уадаҩрак ҳмоуӡакәа ҳхатәы иласу автомашьына ала.  Араҟа убла хызхуа аҭыԥқәа рацәаны иҟоуп, даараӡа ибзиоуп шьҭарнахыс урҭ рбара азы ирацәаҩны алшара ахьроуа», - ҳәа игәаанагара иҳәеит Екатеринбург ақалақь аҟынтәи иааз атурист.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы амҩа ҿыц ҳамҭа дуны иҟалеит. Аҟармара аҳабла ааигәара инхо Анастасиа Тамашева, уаанӡа аҩнынтәи Ҭҟәарчалынӡа анаӡара акырӡа иуадаҩын ҳәа еиҭалҳәеит.

«Уажәы, амҩа аиҭашьақәыгылареи акаҭран ашьҭаҵареи рышьҭахь, иааиԥмырҟьаӡакәа ареистә автобус аныҟәара иалагеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа аиҭашьақәыргылара арегион атранспорттә еиқәыршәара аиӷьтәра адагьы, Мрагыларатәи Аԥсны аҿы атуризм аҿиаразы иҿыцу аперспективақәа аанартуеит.

Ҭемыр Ҵәыџьба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, апроект ахарџьынҵа - 219 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Афинансыркра Урыстәылатәи Афедерациа Аинвестициатә программа инақәыршәаны имҩаԥысуеит.


Read 252 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.