АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Муҳаммад Али Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аинформациа аминистр Бутрос Халлиак диԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациақәа рхархәагақәа русхкы аганахьала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәыс измаз Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиаки реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара аҿы аганқәа ахәҭакахьала амассатә информациа ахархәагақәа русхы аҿы атәылақәа рыбжьара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр Бутрос Халлиак Шьамтәыла аинформациа Аминистрра амедиатә кадрқәа разыҟаҵара, амедиапроектқәа реицынагӡара,  ажәабжь ҿыцқәа рыла аимдара, уҳәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациа ахархәагақәа русхкы ахырхарҭала аԥсуа ган аус ацура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ишазхиоу азгәеиҭеит.  

Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа ауаажәларратә адырра амазаара аҩаӡара ашьҭыхра аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.  Уи иара убас Аԥсны Анапхгара амассатә информациа ахархәагақәа русхкы уахь иналаҵаны, егьырҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла Шьамтәыла аус ацура аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Муҳаммад Али Аԥсны Анапхгара ахьӡала Шьамтәыла  рашәарамза 4, 2024 Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи иқәҵыз ахаҿқәеи ахҵәацәеи рҭагылазаашьа азы» Арезолиуциа адкылара иахьақәшаҳаҭымхаз, уи иаанарԥшыз ииашоу аобиективтә позициа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.                 


Read 280 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.