АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Алеқсандр Анқәаб Урыстәыла Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин Урыстәыла Амш инамаданы дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә текст иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Урыстәыла азеиԥшмилаҭтә ҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәала шәыдышәкыл!

Урыстәыла Амш Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәоуп, иазгәарҭоит 1992 шықәса инаркны рашәарамза 12 рзы есышықәса. Абри амш аҽноуп 1990 шықәсазы РСФСР жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа анаднакылаз. Аизара ду аҟны ирылаҳәан Урыстәыла Аконституциеи азакәанқәеи рхадара атәы. Убысҟан Урыстәылатәи Афедерациа ашәышықәсақәа ирхаану аҭоурых адаҟьа ҿыц аартра иаҩызахеит. Ари аныҳәа милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи аҳәынҭқарра адуреи ашәышықәсақәа иргәылганы иаагоу уи аҭоурых абеиареи рсимволны иҟоуп. Уи Рыԥсадгьыли ибеиаӡоу адоуҳатә-культуратә ҭынхеи гык-ԥсыкала иазыҟоу биԥарала Урыстәыла атәылауаа еидызкыло ныҳәоуп, ҳаамҭазтәи Урыстәыла  иӷәӷәоу адемократиатә шьаҭа шьақәнаргылоит.

Урыстәыла аиашьаратә жәлар ари хадара злоу аныҳәа иацу агәырӷьара рыцеиҩшо, дырҩегьых иазгәасҭарц сҭахуп ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратәии аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Аԥсны Анапхгара ихадоу ахықәкқәа ишреиуоу. Ҳара аринахысгьы арҭ аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ганрацәалатәи рыҿиара азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алеқсандр Анқәаб Михаил Мишустин инаигӡо аҭакзыԥхықәра зцу амаҵзура аҿы аихьӡара дуқәеи аманшәалареи, Урыстәыла атәылауаа зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа зегьи ирзеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡара дуқәа, аҭынчра, аизҳазыӷьара.»   


Read 289 times - Ахаша, 12 Рашәара 2024 15:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.