Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхыҩцәа изакәанымкәа автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рыигара асхема аадыртит.
Кисловодск инхо аусдкылаҩ уаанӡа ахархәараҿы иҟаз автомашьынақәа Mercedes, Ford, Chevrolet, Dodge, Cadillac иапониатәи афирма ала иааихәон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа аофициалтә саит.
Иласу автомашьынақәа Новороссисктәи абаӷәаза ахь инаргон, анаҩс, аҭыԥантәи аиҿкаарақәак руак азы акушәа ашәҟәҭагалара азы Аԥсныҟа иааргон. Уи ашьҭахь ацәгьауаҩ Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу амашьынарныҟәцаҩцәа адыԥхьаланы автомашьынақәа Урыстәылаҟа рыиагара рыдигалон.
Ҩымш рыла Аԥснынтәи жәларбжьаратәи аигарақәа рытранспорт аҳасабала, аҳазалхратә шәатәқәа рыхшәаарада ииаргеит 10 машьынак. Урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аҳазалхратә шәатәқәеи ахырԥаԥсеи рыла 17 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Ашәахтә шәатәқәа ршәара рыцәхьаҵра азы ашьаусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥысуеит.