Алеқсеи Сазанов иоуз ааԥхьаразы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Убри аан уи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҭоурыхла ишьақәгылаз аимадарақәа рыбжьан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара сзы насыԥ дууп Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала ҩынтәны ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалазы ашәахтәқәа рыцәхьамҵреи рзы аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра. Агәра ганы сыҟоуп, Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аҩганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара аҿы акыр зҵазкуа етапны ишыҟало. Агәра сгоит, Аиқәшаҳаҭра аинвестициақәа, ахәаахәҭра, атуризм, уҳәа аусхкқәа рҿы аусеицура азы хра злоу стимулны ишыҟало. Ҳара иҳалшеит аҩ-тәылак ринтересқәа ирықәшәоз аиқәшаҳаҭра ашьақәыргылара. Аԥсны-урыстәылатәи аиқәшаҳаҭра жәларбжьаратәи ашәахтәқәҵара ҳаамҭазтәи атенденциақәа ирықәшәоит, ламысцқьала зус иазнеиуа аинвесторцәа русура анагӡара арманшәалоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Алеқсеи Сазанов, урыстәылатәи аган Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура алыршаразы аратификациатә процедурақәа зегьы ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны рхыркәшара аҽазнашәоит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара агәыӷра ҳамоуп убасҵәҟьа ишыҟало Аԥснытәи аганахьалагьы», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.