Аматериалқәа реизгара иадҳәалоу аусура хацыркын 2005 шықәсазы. Уи активла рхы аладырхәуан усҟантәи аамҭазы аҵарауаҩ иаспирантцәаз Наала Барцыцԥҳаи Саида Ҳаџьымԥҳаи.
Ари амилаҭтә проект анагӡара акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Атомқәа еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшәо атекстологиатә ҩаӡара аҿы, урҭ ирылалеит ҳаамҭа аҟынӡа еиқәханы инаӡаз –аԥсуа рҽаԥыцтә доуҳатә баҟа хаданы иҟоу Нарҭаа ирызку аԥсуа жәабжьқәа. Ашәҟәқәа ирыцуп аԥснытәи нарҭаа репос аҭҵаарақәа, ахцәажәарақәа, алкаақәа, аструктура-семантикатә рбагақәа, ашәақәа рнотатә ҵакы аилыркаагақәа. Урҭ ирныԥшуеит ажәабжьҳәаҩцәа рзы аочеркқәа реиԥш, аԥсуа епикатә традициа аҷыдарақәеи, аперсонажқәа, аҭыԥқәа, аепикатә дунеи аилкаарақәеи амаҭәарқәеи.
Иарбоу аҭыжьымҭа аԥсуаҭҵаареи кавказҭқаареи рҿы адагьы, адунеизегьтәи аепикатә традициа аҭҵаара аҿы акыр зҵазкуа лагаланы иҟалеит.