АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниеи Михаил Мурашкеи Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара асистемақәа ринтеграциа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашәахьа, мшаԥымза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаатыз Аҩбатәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәхаразы иааз Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ибара гәахәара дула ишидикыло азгәеиҭеит. Аслан Бжьания Михаил Мурашко ҭабуп ҳәа иеиҳәеит COVID-19 аантәи апандемиаз иҟаиҵаз ацхыраараз. Иара иажәақәа рыла атәылақәа еиныруан – Аԥсныҟа иаауан Урыстәыла аҳақьымцәа, ҩынтә аусура хнартит Атәылахьчара аминистрра агоспиталь.

«Аиҩызара иаша ахьаарԥшхо ауадаҩра, аҭагылазаашьа хьанҭа аан ауп. Арҭ аусқәа реихшьаалала игәоумҭарц залшом Аԥсны аковидаамҭатә ҭагылазаашьа аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҿы аасҭа ишеиӷьыз. Уи зегьы шьаҭаны иазыҟоу урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз ҳҳақьымцәа хамеигӡара русуроуп, шәара иаҳзыҟашәҵоз ацхыраароуп. Уи зегьы азы ҭабуп ҳәа шәаҳәара ҳарааԥсом», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа, Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаа асистемақәа реинырра шыҟоу азгәоумҭар залшом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Афорум аҿы дықәгыло ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны аус зуа аҳақьымцәа зегьы аҵарадырра роуит Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы. Ҳара иаҳҳәар ҳалшоит ҳгәабзиарахьчарақәа рсистема аинырра бзиа шрыбжьоу. Шәара иахьа шәызҭааз Афорум  ҳаа ҳуааԥсыра зегьы рзы акыр аҵанакуеит, аспециалистцәа рыбжьара аимадареи аусеицуреи рганахьалеи амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашь-ҭыхреи амедицинатә усбарҭақәа иахәҭоу амаҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла реиқәыршәареи рганахьала.     Шәаа хаҭала ари Афорум шәахьҭааз иабзоураны афорум ахьӡҭаԥша шьҭыҵит, ҳара ҳҽазаҳшәалоит иҳаҩсыз ашықәс азы ихацыркыз ари атрадициа шьахә анаҩсгьы иацҵахарц азы.  Иҭабуп ҳәа шәаххәоит иҳашәҭаз адгыларазы, уи ҳара есымша иаҳныруеит», -ҳәа иҳәеит иара.

Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аиԥыларазы иҭабуп ҳәа иаҳәо,  иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы Аԥсны 7,5 нызқьҩык ауааԥсыра Урыстәыла амедицинатә цхыраара рыҭан ҳәа. Урҭ рҟынтәи 104-ҩык — зтехнологиа ҳараку.

Иара иажәақәа рыла есышықәса Урыстәыла 45 миллион мааҭ азоунажьуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра анагӡараз. Мурашко иара убасгьы иҳәеит иахьазы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ишырҭо 144-ҩык Аԥсны атәылауаа.

Апандемиа аан Урыстәыла арегионқәа хәба рҟынтәи аҟазауаа Аԥсны аус руан ҳәа иҳәеит Мурашко. Аҳақьымцәа азона «ҟаԥшь» аҟны аус руан, рхы ашәарҭара иҭаргыланы ауаа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхон.

«Ҳара ҳзы ҳҩызцәеи ҳашьцәеи рыцхыраара зегь раасҭа еиҳауп. Ибзиаӡаны еилаҳкаауан иҟаз аамҭаз ацхыраара шышәҭахыз, уи ауп ҳнапы зҳархаз», - ҳәа иҳәеит аминистр.

«Ҳара гәык-ԥсык ала апандемиаан ацхыраара шәаҳҭеит. Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаашьҭын аспециалистцәа, ауаа еиқәзырхоз, "аҭыԥ ҟаԥшь" аҟны аус зуқәоз», - иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр.

Иара убас иацҵаны иҳәеит урыстәылатәи амедиицинатә усзуҩцәа аԥсуа коллегацәа ирыдгыланы    азҵаарақәа жәпакы рганахьала аус шеицыруа. "Иаҳҳәозар, 2020ш. рзы азыӡба ҳадаҳкылеит Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа хаз игоу акатегориақәа ирыҵаркуа атәылауаа хәшәла реиқәыршәаразы аԥаратә хархәагақәа рзоужьра. Есышықәса ари аус иазоужьуп 45 млн. мааҭ",- ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.
Уи  иажәақәа рыла, акырӡа аҵанакуеит аҳақьымцәа разыҟаҵара азҵаара. "Аҵареи аԥышәеи змоу аспециалистцәа - иарбан тәылазаалак агәабзиарахьчара шьаҭас иамоуп", - иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭзы урыстәылатәи еиуеиԥшым амедицинатә занааҭқәа рыҟны урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара шырҵо 144-ҩык Аԥсны атәылауаа. Мурашко иҳәеит хышықәса рыҩныҵҟала аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ишазҳаз.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит абжьаратәи амедицинатә ҵараиуреи аспециалистцәа аҵараиурҭанаҩстәи разыҟаҵара аусы рыҟны аусеицура азҵаара.
Михаил Мурашко амедицинатә  форум азы: «Ари ҳтәылауаа ргәабзиара ахьӡала аусеицура аҿиара иацхраауа ус бзиоуп».
Урыстәылантәи атуристцәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз иабзоураны апсшьара аамҭазы Аԥсны ахәышәтәырҭақәа реидара иацлоит, аусутә рацәаны ироуеит. «Ҳара  Аԥсныҟа иаауа атәылауаа зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара зҿлымҳара аҳҭоит, убри аҟнытә иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», - иҳәеит иара.
Агәабзиарахьчара аминистр Ахада изеиҭеиҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи дареи амеморандум рнапы шаҵарҩыз. «Урыстәыла уажәы арыцҳарақәа рмедицина   ирласны иҿиоит, лыҵшәа аманы», - иҳәеит Мурашко.    

Аиԥылара иара убас иалахәын Ахада Иусбарҭа  Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла   ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Кузнецов, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Жәларбжьаратәи адепартаменти ауаажәларра аҽрымадарази адиректор Алеқсандра Усачиова.
Аиԥылара ахыркәшамҭазы Аслан Бжьаниеи Мурашкои агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.  Аԥсны Ахадеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистри ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит.

 

Возврат к списку

Иара агәыӷра ааирԥшит II Аԥснытәи амедфорум агәабзиара аусхк аҟны атәылақәа аҩба рыбжьара аусеицура аҿиара еиҳагьы иацнаҵап ҳәа.

«Апандемиа ашьҭахь алкаақәа ҟаҵатәны иҟоуп агәабзиарахьчара асистема арӷәӷәаразы, аԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы», - ҳәа иҳәеит Михаил Мурашко.

Аслан Бжьаниа Михаил Мурашко аорден «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара ианеишьеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа реиқәырхаразы. Аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит.

 

 

 

 


Read 122 times - Аҩаша, 23 Мшаҧы 2024 12:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.