АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр дидикылеит.

Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев Аԥсныҟа дааит Аҩбатәи Аԥснытәи Амедицинатә форум аҽалархәразы.

Асас аԥсшәа иаҳәо, Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу. «Амилаҭ ргәабзиара зегьы рзы аԥхьа игылоуп. Ҳара агәабзиарахьчара иадҳәалоу апроблемақәа ҷыдала хшыҩзышьҭра раҳҭоит. Аҳақьымцәа, аспециалистцәа, аҵарауаа еизаны еицәажәоит, рԥышәа еимырдоит, уи, хымԥада, алҵшәа бзиақәа аанагоит.  Ари амилаҭ ргәабзиара азҩыдатәра иацхраауеит», - ҳәа аиԥылараҟны иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы. «Ҳара ҳаспециалистцәа ҿарацәа реимадара аус зҿлымҳара аҳҭоит, Амедицинатә форум иаҳнарбоит иарбан хырхарҭақәоу аусеицура ахьалыршахо», - ҳәа  иҳәеит иара. 

Аиԥылараан иара убас иалацәажәеит аиашьаратә республикақәа рыбжьара аусеицура азҵаарақәа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

 


Read 142 times - Ашәахьа, 22 Мшаҧы 2024 17:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.