Абарҭ ҭакда иаанханы иҟоу, мамзаргьы инагӡам ацәаныррақәа зегьы афырхацәа рыҩныҵҟатәи аиҿагыларақәа дырџьбароит, урҭ рыԥсҭазаара агәахшәара еиҳагьы идырӷәӷәоит. Араантәи ицәырҵуеит аамҭа баша ицеит, анасыԥ шьҭа изыҟалашам ҳәа ахәыцрақәа. Иҟалома џьара акы арҽеира ас еиԥш ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы – абри атәы иазхәыцуеит ари ақәыргыламҭа аԥҵаҩцәа.
Аспектакль «Аншьа Иуана» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 26-27 рзы Аԥснытәи адраматә театр аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Антон Чехов еихьӡылоу ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Аншьа Иуана» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿы хәажәкыраза 26 -27 рзы.
Ақәыргыламҭа ашьаҭаҿы иҟоуп –аԥсҭазаара баша имҩасит ҳәа угәы иаанаго иалага иҟаҵатәузеи?, - ҳәа азҵаара аҭак аԥшаара аҽазышәара. Убри ауп изызхәыцуа арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль афырхацәа, ҳәа иаҳәоит аспектакль апресс-релиз аҿы.
Аиншьа Иуана араҟа ихадоу фырхаҵаны дықәгылаӡом, аиҳарак ахшыҩзышьҭра зауа егьырҭ зегьы роуп. Ԥхьатәара иҟоу апрофессор Серебриаков икариера ахыркәшара иахҟьаны ӷәӷәала агәкаҳара иоуит, уи инамаданы адипрессиа ҳәа ачымазара изцәырҵит. Уи иԥшәмаԥҳәыс Елена Андреи-иԥҳа лыԥшәма хаҵа дицхраарц лҭахуп, аха уи адоктор Астров иахь илызцәырҵыз ацәанырра датәнатәны дамоуп. Убри аамҭазы адоктор Астров ҳәа иҟоу абар шьҭа акыр аамҭа аҩныҵҟа лыԥсы дылзалымхо бзиа дылбозаап иара апрофессор иԥҳа Сониа. Иара адоктор Астров ихаҭа иакәзар Елена Андреи-иԥҳа ӷәӷәала игәы лзыбылуеит, уимоу Елена Андреи-иԥҳа иара убас даара дигәаԥхоит аиншьа Иуана ҳәа иҟоугьы.