Аҟәырҟан излаҳәо ала, Рамадан амыз азы ауп Аллаҳ ауаа ари Аԥшьаҩыра анырзынаишьҭыз. Рамадан амыз иалагӡаны аԥсылманцәа ачгара иҵалоит, урҭ амза ахы инаркны аҵыхәанӡа ҽынла афатә-ажәтә, хаҵеи-ԥҳәыси реизыҟазаашьа рҽацәхьаркуеит. Згәы бзиами, ныҟәара иҟоууи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи уи маҷк аилагара азин рымоуп. Аурычра ацхыраарала ауаҩԥсы иԥсы даиааиуеит, иҟамло зегьы мап рцәикуеит. Аурычра дыҵанаҵы ауаҩы илшо зегь ҟаиҵоит еиҳа иеиӷьу иганқәа раарԥшразы. Аурычра иҵоу ауаҩы ихы-иԥсы ааникылоит, Аллаҳ дышимҵахырхәо ааирԥшуеит. Уи Иаҳхылаԥшхәу уизааигәанатәуеит. Ари иԥшьоу амыз азы аԥсылмантә дин ныҟәызго Аллаҳ изааигәахара, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, уҳәа абарҭ аусқәа рымҩаԥгаразы абжьааԥны еиԥш акәымкәа, еиҳа лассы-лассы аџьамаақәа ирҭаауеит, уаҟа коллективла Иаҳхылаԥшхәу иганахьала имҵахырхәоит, Аҟәырҟан иаԥхьоит.
Аколлективтә матанеирақәа рнаҩс, Рамадан амыз иалагӡаны хатәгәаԥхарала Иаҳхылаԥшхәу иганахьала уахынлатәи амҵахырхәарақәагьы мҩаԥыргоит. Аԥсылманцәа зегьы рзы Иԥшьоу амыз ахыркәшара ашьҭахь иааиуа амш Аурычра ныҳәа, Ураза баирам ҳәа изышьҭоу ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Ари амш аҽны Акыр змоу аԥсылманцәа иалаҟам ауаа рзы афатә-ажәтә ала асадаҟы ҟарҵоит. Уи ашьҭахь аџьамаа аҿы аколлективтә ныҳәатә мҵахырхәара мҩаԥгахоит.