АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Жәабран.2024

Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала «Ашәахтәқәҵара ирмариоу асистемазы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 28 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит ааԥынтәи асессиа изаамҭанытәиу аилатәара. Адепутатцәа актәи аԥхьарала «Ашәахтәқәҵара ирмариоу асистемазы» азакәан апроект рыдыркылеит. 

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит  имаҷуум ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа ирықәу ашәахтә қәыӷәӷәара армаҷреи ашәахтәқәҵареи аҳасабырба аҟаҵареи  ирыдҳәалоу апроцедурақәа рырмариара.  

«Ари азакәан апроект адкылара ашәахтә напхгараҭара аеффективра ашьҭыхреи ашәахтә база ашьақәгылара ахылаԥшра амеханизм еиҳа иаартны, еиҳа иманшәаланы аҟаҵара азы иҟоу аҭаххарақәа ирыдҳәалоуп.

Азакәан апроект ахықәкы хаданы иҟоуп ашәахтә шәатәқәа ԥшьба – аиҿкаарақәа рхашәалахәы азы ашәахтә, иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә, аиҿкаарақәа рмазара азы ашәахтә, иара убас аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи рхашәалахәытә шәахтә амыцхәрас ирмариоу ашәахтәқәҵара асистемала шәахтәк ацәырҵра», – ҳәа иҳәеит Баҭал Аиба.

Хыхь иарбаз ашәахтәқәа ашәахтәшәаҩцәа ирықәу ашәахтә қәыӷәӷәара хада шьақәдыргылоит. Убри аан, иарбоу ашәахтәқәа рыла иҟаҵатәу ашәатәқәа ииашаны рыҳасабырка азы аҳасабеилыргара аспециалистцәа рыла аҳасабеилыргаратәи ашәахтәқәҵаратәи аҳасаббара амҩаԥгара ахәҭаны иҟоуп.

«Ашәахтә шәатәқәа ԥшьба шәахтәк ала аԥсахра ашәахтәшәаҩцәа рзы иарбоу ашәахтәқәа рыла иҟаҵатәу ашәатәқәа ииашаны рыҳасабырка азы аҳасабеилыргара аспециалистцәа рыла аҳасабеилыргаратәи ашәахтәқәҵаратәи аҳасаббара амҩаԥгара аганахьала ирызцәырҵуаз азҵаарақәа рыӡбара алнаршоит. Уи, жәаҳәарада, ашәахтәқәа реизгара ахаҭабзиара ашьҭыхреи хыхь иарбоу ашәахтәқәа рнапхгараҭара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рырмаҷреи  алнаршоит», – ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.

Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система ала ишьақәыргылахо ашәахтә ақәҵа 6% рҟынӡа инаӡалоит. Ишьақәыргылоу ахашәалахәқәа рынаӡаратә ҩаӡара 5 млн. мааҭ рыла ахысраан, алимит ахысра аҩаӡара азы ишьақәыргылахо ақәҵа 8 % рҟынӡа инаӡалоит.

Ирмариоу асистема, ахәҭакахьала, иазԥхьагәанаҭоит  иарбоу ашәахтәқәҵара арежим ахь хатәгәаԥхарала аиасра, убри аан, имариоу ашәахтәқәҵара асистема ахь аиасразы ирыдгалахоит иаԥхьанеиуаз жәымз рыҩныҵҟа  20 млн. мааҭ рҟынӡа иҟоу  ахашәалахәқәа рынаӡаратә ҩаӡара ахымсра.

Ашәахтәқәҵаратә аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны  ирмариоу ашәахтәқәҵара асистема ахархәаразы ахашәалахәқәа рынаӡаратә ҩаӡара 25 млн. мааҭ иреиҳамзароуп.  

 

 

 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/10104-parlament-prinyal-v-pervom-chtenii-zakonoproekt-ob-uproshchennoj-sisteme-nalogooblozheniya.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 166 times - Ашәахьа, 04 Хәажәкыр 2024 17:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.