Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад Аԥсны зегьы реиҳа идуу аҩы аекспортиорны иҟоуп. Ари анаплакы аҿы аус руеит шәҩыла ауаа.
Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад аамҭала аҭыжьратә усура ааннакылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҩҭаҭәаратә зауад абар шьҭа мызкы еиҳауп аусура аанкыланы иҟоуижьҭеи. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо уи зыдҳәалахаз амзызқәа дрылацәажәеит Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.
«Аминистрцәа Реилазаара аҿы ареспублика ахь иаарго аҩыҟаҵаратә маҭәахәқәа 30-процент рҟынӡа инаӡо акцизтә шәахтә рықәҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи, жәаҳәарада, еидараны аҭыжьратә усура иақәлеит, иара убри ала иҭыжьхо аалыҵгьы ахаҭаԥса шьҭымҵыр залшом, – ҳәа иҳәеит Валери Аҩӡба. – Ҳара ҳдистрибиутерцәа ҳаалыҵ ахәԥса шьҭаҳхыр, усҟан дара уи шырзымҭиуа азы адырра ҳарҭеит. Убри инамаданы ҳара аамҭала ҳусура аанаҳкыларц ҳаӡбеит. Ҳара атәыла Анапхгара ҳрыҿцәажәоит, агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа аминистрцәа Реилазаара уаанӡа иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхра шалнаршо, иара убри ала ари апроблема шыӡбахо».