Иахьа раԥхьатәи аԥсуа газеҭ иаԥсҭазаашьоу атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит уи аредактор хада Ахра Анқәаб.
«Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳгазеҭ ибеиоу аҭоурых ду амоуп. Сара даара исҭахын иара иԥшшәылоу афорат ала мчыбжьык рахь ҩынтә еиҵамкәа иҭыҵларц. Маҷ-маҷ уи алыршара ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Иахьатәи амш азы агазеҭ аредакциа аҿы аус руеит 19-ҩык рҟынӡа аусзуҩцәа. Ажьырныҳәамзазы аусзуҩ ҿыцқәа рыдкылара алыршахеит – ԥшьҩык аҭыԥҳацәа. Урҭ ргәы ацԥыҳәаны аусура иалагеит. Ахра Анқәаб агәра ганы дыҟоуп иҿыцу акадрқәа рыцхырааралагьы уахь иналаҵаны, агазеҭ еиҳа аинтерес аҵаны аҟаҵара шалыршахо.
Иара инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала, 2023 шықәса инаркны аиашьаратә Нхыҵкавказтәи ареспубликақәа – Адыгеиеи Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкесиеи рҟынтәи агазеҭқәа рредакциақәеи агазеҭ «Аԥсны» аредакциеи аусеицура рыбжьарҵеит. Иазԥхьагәаҭоуп агазеҭ «Аԥсны» адаҟьақәа рҿы аамҭа-аамҭала аинтерес зҵоу урҭ рматериалқәа ркьыԥхьра.
«Ари аныҳәамш аҽны агазеҭ аусзуҩцәа срыдныҳәало ирзеиӷьасшьарц сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, анаҩс арҿиаратә еихьӡарақәа, агәазҭазаара», – ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.
Иахьа «Аԥсны» – атәыла ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә хҭысқәа аазырԥшуа уаажәларра-политикатә газеҭуп. Ари агазеҭ адаҟьақәа лассы-лассы ирнылоит шәагаала идуцәам аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәеинраалақәеи рыпрозатә рҿиамҭақәеи. Иазгәаҭатәуп, агазеҭ ари акьыԥхьтә ҭыжьымҭа номерк бжьазмыжьуа ахатәы аԥхьаҩцәа раудиториа амоуп.