Items filtered by date: Ашәахьа, 29 Лаҵара 2023
Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит. (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лаҵарамза 29, 2011ш.).
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. 10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.
В 1972 шықәсазы Москватәи ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшат совынхара еиҳабыс. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи абком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.
1978 ш. Сергеи Багаԥшь дҟаҵан еиҳабыс Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.
1980 ш. дыҟан Қырҭтәыла ВЛКС Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.
1982 ш. Сергеи Багаԥшь дахаргылан Очамчыратәи РК Қырҭтәыла КП актәи амаӡаныҟәгаҩыс.
1989 ш. далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәара. Уи аилыхара дахьылахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.
1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарратә АССР агроаалыхратә аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
1992 ш. С. Багаԥшь дҟаҵан Совмин 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩыс. 1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа реидыслараҿ актәи амшаз Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи имҩаԥигон аиҿцәажәара ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслараҿ. Иара убас уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Аҟәеи Қарҭи ақалақьқәа рҿы. Раԥхьатәи аидысларақәа рҿы С. Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи, амедикамент маҭәахәқәеи, абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара. Изныкымкәа далахәын ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслара аиныршәараҿ.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али лаҵарамза 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Барри Филлип Гилдер диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылара аҿы аганқәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русеицура алшарақәа, иара убас аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.