Items filtered by date: Аԥшьаша, 24 Мшаҧы 2025
Аԥсны акультура аминистрра Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабра алԥшааратә тур алагара рыланаҳәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистрра Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу амузыкатә усумҭазы аицлабра алԥшааратә тур алагара рыланаҳәеит.
Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш амузыка абзиабаҩцәагьы. Ирыдыркылоит џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа.
Аусумҭақәа жьҭаарамза 1, 2025 шықәса аҟынӡа аелектронтә цҳамҭа ала инашьҭызар ҟалоит, мамзаргьы хаҭала акультура Амнистрра ахь инаргар алшоит.
Депутаты Парламента Абхазии соболезнуют армянскому народу
Сухум. 24 апреля 2025. Апсныпресс. Спикер Лаша Ашуба от имени Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия выразил соболезнования армянскому народу в День памяти жертв геноцида армян.
Бадра Гәынба: аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз хашҭра рықәымзааит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агеноцид иалаӡыз аерман жәлар лахьеиқәрала игәалаиршәеит.
«Иахьа ҳара аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз лахьеиқәрала ианаҳгәалаҳаршәо иамшуп.
Усҟантәи атрагедиатә мшқәа раан аӡәырҩы ирызгәакьаз рҭыҧқәа аанырмыжьыр ада ҧсыхәа аныҟамла, хеиқәырхагас ирзыҟалаз Аԥсны иаднакылеит.
Ахҭыс хлымӡаахқәа рнаҩс ишьақәгылаз аермантә еилазаара ҳтәыла иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит. Урҭ рхылҵшьҭрақәа ҳ-Аҧсны аҩбатәи ҧсадгьылны ирзыҟалеит.
Мшаԥымза 24 – Османтәи аимпериа аҿы аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 24 – Османтәи аимпериа аҿы аерман жәлар ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.
Актәи адунеизегьтәи аибашьра аламҭалазы Османтәи аимпериа аҿы иқәынхон ҩ-миллион-ҩык инареиҳаны аерманцәа. Аерман ҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррақәа рыла, 1915-1923 шықәсқәа рзы Османтәи аимпериаҿы инырҵәан 1,5 миллионҩык аерманцәа, миллионбжак рҟынӡа мчыла иԥсылманыртәит, ма еиуеиԥшым атәылақәа рахь ахҵәара рықәырҵеит.
Османтәи аимпериа аҿы рхатәы ҩнқәа ааныжьны ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа змауз, зхәыҷқәеи дареи рыԥсҭазаарақәа еиқәырхо жәанызқьҩыла аерманцәа Аԥсныҟа иааит. Аԥсуа жәлар арыцҳара ду иақәшәаз ауаа гәаартыла ирыдыркылеит, ирылшоз ала ацхыраара рырҭеит. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит. Урҭ иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиара иалахәуп.
Аҟәа ақалақь аҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәаладыршәоит. Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 9 рзы О. Туманиан ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №9 ахыбраҿы. Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы ацәашьқәа адыркуеит. Ашкол аҵаҩцәа 110-шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирызку ажәеинраалақәа ирыԥхьоит.
Ашкол аҿы имҩаԥгахо амитинг ашьҭахь уи иалахәыз зегьы амшын ахь инеины агеноцид иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашәҭқәа аӡы ихырҵоит.