Items filtered by date: Ахаша, 10 Нанҳәа 2022
АԤСНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҚӘШАҲАҬРЕИ АҬЫШӘЫНТӘАЛАРЕИ РЫШЬАҚӘГЫЛАРАҾЫ АЦХЫРААРА АҬАРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәыԥҩык ауаажәларратә усзуҩцәа ауаажәларратә еилазаареи атәыла анапхгареи рыбжьара адиалог абжьаҵара аҿы ацхыраара аҭаразы иҟарҵаз ааԥхьара инамаданы, Аԥсны Ауаажәларратә Палата ахатәы плошьадка аҿы ауаажәларра агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа зегьы рылацәажәарала аиқәшаҳаҭреи аҭышәынтәалареи рышьақәгылараҿы ацхыраара аҭара иазхиоуп ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит.
МИХАИЛ ШУРГАЛИН АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи ахылаԥшырҭа анапхгараҭареи дырԥылеит.
АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ДАУР АҚАҨБЕИ ПРИДНЕСТРОВТӘИ МОЛДАВТӘИ АРЕСПУБЛИКА АКУЛЬТУРЕИ АҬОУРЫХТӘ ҬЫНХЕИ РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МАҴЗУРА АНАПХГАҨЫ МАРИА КЫРМЫЗИ ZOOM-КОНФЕРЕНЦИА АФОРМАТ АЛА АИԤЫЛАРА МҨАԤЫРГЕИТ. АБХ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Zoom-конференциа аформат ала имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика акультуреи аҭоурыхтә ҭынхеи рзы аҳәынҭқарратә Маҵзура анапхгаҩы Мариа Кырмызи реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура апресс-маҵзура.
Ҳазҭоу аамҭазы арҿиаратә коллективқәа, мамзаргьы аделегациақәа ареспубликақәа рахь рцара иадҳәаланы иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб азуны, аганқәа аусеицура азы егьырҭ аформақәа рхархәара алыршара иалацәажәеит.
Убас, онлаин аформат ала Аԥсны ахаҭарнакцәеи Приднестровие ахаҭарнакцәеи аконференциақәа, асеминарқәа, уҳәа акультура аусхкы иадҳәаланы ареспубликақәа рҿы еиҿкаахо егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара. иалацәажәеит.
АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА АҬҴААРАДЫРРАТӘ ИНСТИТУТҚӘА ХԤА РНАПХГАҨЦӘА РАЛХРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10, ахашаҽны, имҩаԥысит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аилатәара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апресс-маҵзура. Аизара иалахәыз Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иаҵанакуа аҭҵаарадырратә Институтқәа рдиректорцәа ралхра азы еицҿакны рыбжьы рҭиит:
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс далхуп афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Енвер-иԥа Ашәба;
Аекологиа Аинститут аиҳабыс далхуп - абиологиатә наукақәа ркандидат - Роман Саид-иԥа Дбар;
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректорс далхуп – аекономикатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Заур Иван-иԥа Шьалашьаа.
Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа Аԥҟаԥҵәеи иашьашәалоу аԥҟарақәеи инарықәыршәаны, Аинститутқәа ралхра иадҳәалоу апроцедура Анаукақәа Ракадемиа аилатәараҿы имҩаԥысуеит.