Items filtered by date: Ахәаша, 07 Жьҭаара 2022

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.

Аҵыхәтәантәи амызқәа ирылагӡаны ари амедицинатә усбарҭа аҿы агәабзиарахьчара Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны, иара убас ахатәы мчқәеи рыла имаҷымкәа аиҭашьақәыргыларатә усурақә мҩаԥган, иҿыцу аиқәыршәагақәа аахәан, аштат аиҵатәра, уҳәа алыршахеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Баҭал Кациа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә Усбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп.  

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аколлектив ахәышәтәра-профилактикатә Усбарҭа аколлектив  анапхгаҩы ҿыц  Баҭал Реваз-иԥа Кациа дыдирдырит. 

«Шәара агәабзиарахьчара асистема аҿы аусуратә ԥышәа ду шәымоуп, сара агәра ганы сыҟоуп иҿыцу амаҵураҭыԥ аҿы Шәара Аминистрра аусура аҿы ацхыраара шашәҭо»,- ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/.  Иахьа амультимедиатә пресс-центр Sputnik Аԥсны аҿы Жәларбжьаратәи аинформациатә Агентра «Урыстәыла иахьа» анагӡратә директор Кирилл Вышински ареспублика амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рзы амастер-класс мҩаԥигеит. Амастер-класс атема: «Ажәабжь ҿыц арепортаж даара аинтерес аҵаны иҟаларц азы иҟаҵатәузеи. Афырхаҵа дызлаху асиужет».

Еицырдыруа ажурналист ҳаамҭазтәи ажәабжьҿыцтәи ажурналистика  аҿы акырӡа аҵанакуеит излауа ала ирццакны адырраҭара аҟаҵара, аха зегьы раԥхьа уи аҟаҵара есымша изалыршахом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Ус анакәха зегьы иреиӷьны адырраҭара хымԥадатәиуп, даҽакала иуҳәозар, зегьы еиҭарҳәахьо ажәабжь зегьы раасҭа аинтерес аҵаны азнагара алыршатәуп.

Кирилл Вышински иажәақәа рыла, аинформациатә репортаж акырӡа аинтерес аҵалоит уи зхатәы ҭоурых еиҭазҳәо афырхаҵа далагалазар, избан акәзар, ауаа реиҳараҩык рзы зегьы раасҭа аинтерес аҵоуп, ус иуҳәар алшозар, «ацаԥха ҭаҵарҭа ала» егьырҭ рышьклаԥшра.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 7,  2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 70- шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст иаҳәоит: 

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ишәыдысныҳәалоит шәира Амш. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи ахирреи! 

Ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны, иазгәасҭар сҭахуп Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә интересқәа рыхьара аус аҿы Шәара иаашәырԥшуа ахьаҳәхьачарада, аполитикатә ахарахәыцра,  иԥышәоу, иуадаҩу аӡбамҭақәа рыдкыларала урыстәылатәи ажәлар рыхьчара, иҭышәынтәалоу атәыла аҿиара алыршахоит. Еилаҵәоу, милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар Шәара шәнапхгарала аглобалтә қәыӷәӷәарақәеи ашәарҭарақәеи рҿагылара рылшоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.