Items filtered by date: Ахаша, 19 Жьҭаара 2022
ЕКАТЕРИНА АДЛЕИБЕИ БЕСЛАН БЕРУЛААИ ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АӠБАҨЦӘАС ИАЛХУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара аҿы Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас иалырхит Екатерина Адлеибеи Беслан Берулааи. Екатерина Адлеиба лалхра азы рыбжьы лырҭеит 32-ҩык адепутатцәа. Беслан Берулаа изы- 26-ҩык адепутатцәа, 6 – мап ркит.
ИНГА ЧИРИКБАИА АКОНТРОЛТӘ ПАЛАТА АУДИТОРС ДАЛХУП.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 19 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысыз асессиа аилатәара аҿы адепутатцәа Инга Чирикбаиа Аԥсны Аконтролтә Палата аудиторс лыҟаҵара азы еицҿакны рыбжьы рҭиит.
АНСАМБЛЬ «АМЦАБЗ» XXXIV ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ-КОНКУРС «АДУНЕИ ЗЕГЬЫ ҞАЗАРОУП» АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Дмитри Басариа/. Жьҭаарамза 16 рзы, Москватәи аконцертә зал «Салиут» аҿы имҩаԥысит XXXIV Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Адунеи зегьы ҟазароуп». Уи ахы аланархәит Москватәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Амцабз». Ансамбль аноминациа «Жәлар рыкәашара» аҟны аиааира агеит, ҳәа «Аԥсныпресс» ахь адырра ҟаиҵеит ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба.
Лаша Марыхәба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит: «Ари афестиваль ҳансамбль аколлектив азы акырӡа аанагоит, избан акәзар, ҳара аҵаҩцәа еиҳабацәа зегьы ауҳашьҭхьеит, сынтәа ансамбль аилазаара ҿыц аԥаҳҵеит. Ансамбль ааӡамҭацәа аӡәырҩы рзы афестиваль алахәхара адебиуттә қәгылараны иҟалеит. Ҳара ҳансамбль аконкурстә номинациақәа ҩба «Жәлар рыкәашареи» «Аинструменталтә номери» рҿы иқәгылеит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА ВИАЧЕСЛАВ АБЛОҬИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Акиностудиа «Аԥсуафильм» адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа Иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80-шықәса шәхыҵра амш!
Шәара шәырҿиаратә мҩа зегьы шьақәгылоуп иналукааша ахҭысқәа рыла, иазгәаҭоуп аихьӡарақәа змоу, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа иазхаҵоу аусумҭақәа рыла. Шәара шәыруаӡәкуп ҳреспубликаҟны еицырдыруа аҟазара аусзуҩцәа, ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа ҟазара аҿиараҟны шәлагаламҭа.
Актиор, амузыкант, арежиссиор, асценарист – абарҭ азанааҭқәа рыҟны иааԥшит Шәара шәҟыбаҩ. Еицакра змам Шәара шәгәамч, бзиабарала инашәыгӡо аус нхарҭәааны ианыԥшит акинематографиаҟны. Шәара Аԥсны, Урыстәыла, убас егьырҭ атәылақәа рыҟны акино аҟаза ҳәа шәазхаҵоуп.
ЖЬҬААРАМЗА 29 РЗЫ БАҬАЛ ЧЕЖЬИА УРЫСТӘЫЛА АЧЕМПИОН ИТИТУЛ АИУРАЗЫ АИНДАҬЛАРА МҨАԤИГОИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Чежьиа Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны абокс Афедерациа.
Баҭал Чежьиа диацлабуеит Пермь ақалақь аҟынтәи иааз аспортсмен Максим Смирнов. Аиндаҭлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 29 рзы Москва ақалақь, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан арена аҿы.
Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара Андреи Андреев ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд адгыларала апромоутортә еилазаарақәа «Мир Бокса», Grand Promotion рыла еиҿнакаауа абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.
АԤСНЫТӘИ АКАРАТИСТЦӘА АКУЛЬТУРА-СПОРТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «ИҬЫНЧУ КАВКАЗ» АҾЫ АԤХЬАХӘТӘ ҬЫԤҚӘА РГЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 – 16 рзы Владикавказ ақалақь, аспорт Ахан «Манеж» аҿы имҩыԥысит XI Иаарту урыстәылазегьтәи акультура-спорттә фестиваль «Иҭынчу Кавказ».
Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа Апрезидент Витали Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, хымш ирылагӡаны Урыстәыла Аладатәи афедералтә округ, Нхыҵ-Кавказтәи аокруг, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 14 спорт хкы: адӡиудо, аикидо, арратә напышьашәалатәи аиқәԥара, мрагыларатәи арратә еиндаҭларақәа, астильзегьтәи акарате, џьиу-џьитсу, кекусинкаи, кикбоксинг, напышьашәалатәи аиндаҭлара, самбо, таитәи абокс, тхеквондо (ITF), мас-рестлинг, акәашаратә спорт рыла 8 – 16 шықәса зхыҵуа 1200-ҩык аспортсменцәа еиндаҭлон.
Аԥсны аганахьала иқәгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилак карате кекусинкаа аҟәша хәҩык ааӡамҭацәа.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи аҩбатәи аҭыԥки ааныркылеит.
АԤСНЫТӘИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘА III ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЧАРӠҨЦӘЕИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘЕИ РКОНКУРС РҼАЛАДЫРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ахаатәыҟаҵаҩцәа жьҭаарамза 19-20 рзы Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәа аҿы имҩаԥысраны иҟоу III Жәларбжьаратәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи рконкурс рхы аладырхәуеит. Аконкурс Урыстәылатәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи Ргильдиа адгыларала еиҿнакаауеит «Елена Сучкова ашоколадҟаҵара азы лышкол».
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Белорусь, Аԥсны рҟынтәи 100 – ҩык инарзынаԥшуа ахаатәыҟаҵаҩцәа.
Урҭ ашоколад иалху асахьақәеи амажәа иалхны аскульптурақәеи ҟарҵар акәхоит, иара убас еиуеиԥшым агәылаҵақәа змоу ачақәа рӡуеит. Аӡбаҩцәа аалыҵ агьама, аԥшра, афҩы, аҟаҵашьа, уҳәа зегьы иахәаԥшны ахәшьара арҭоит. Аиааира згаз иранашьахоит ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аусмҩаԥгатә аспонсорцәа рҟынтәи еиуеиԥшым аҳамҭақәа.
Иара убас аконкурсантцәа ирзыԥшуп агьамабара зцу азанааҭтә мастер-классқәа, араҟа аекспертцәа рдыррақәеи рԥышәеи рымадара азы алшара рзаԥҵахоит.