Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 – 16 рзы Владикавказ ақалақь, аспорт Ахан «Манеж» аҿы имҩыԥысит XI Иаарту урыстәылазегьтәи акультура-спорттә фестиваль «Иҭынчу Кавказ».
Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа Апрезидент Витали Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, хымш ирылагӡаны Урыстәыла Аладатәи афедералтә округ, Нхыҵ-Кавказтәи аокруг, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 14 спорт хкы: адӡиудо, аикидо, арратә напышьашәалатәи аиқәԥара, мрагыларатәи арратә еиндаҭларақәа, астильзегьтәи акарате, џьиу-џьитсу, кекусинкаи, кикбоксинг, напышьашәалатәи аиндаҭлара, самбо, таитәи абокс, тхеквондо (ITF), мас-рестлинг, акәашаратә спорт рыла 8 – 16 шықәса зхыҵуа 1200-ҩык аспортсменцәа еиндаҭлон.
Аԥсны аганахьала иқәгылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилак карате кекусинкаа аҟәша хәҩык ааӡамҭацәа.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа ԥшьбеи аҩбатәи аҭыԥки ааныркылеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Баграт Кәтарба, Самед Бабаев, Даниил Ҵулукиа, Аршак Каракулиан, ҩбатәи – Богдан Корсаиа.
«Иара убас, Афестиваль аҿы иқәгылеит амилаҭтә рҿиаратә коллективқәа. Араҟа ҳара ҳаспортсмен (ахәыҷтәы ансамбль «Ашара» акәашаҩ қәыԥш) Баграт Кәтарба ҳабираҟ кны аԥсуа милаҭтә кәашара наигӡеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Витали Ҷыҭанаа.
Аԥснытәи аспортсменцәа афестиваль ахь рцара алыршахеит Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутат Романа Кутарбеи иара Витали Ҷыҭанааи иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны.
Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит Нхыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспублика-Аланиа ала Урыстәылатәи арратә ҟазара Аидгылара аҿгеи Нхыҵ-Уаԥстәыла – Аланиа абҩарҵәыреи аспорти Рминистрреи.