АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Лаҵара.2024

Очамчыра араион аҿы иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны қыҭақәак рҿы амашьынақәа рныҟәара аганахьала ауадаҩрақәа ҟалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иаха иҟалаз ақәаршыҩ иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәак аӡы рыҵалеит.

Лаҵарамза 13 рзы иауз ақәаршыҩ иахҟьаны ақыҭақәа Џьгиарда, Кәтол, Ӷәада, Кындыӷ, Аҭара аӡы рыҵалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Аҩарқәа ақыҭамҩақәа, ацҳақәа, анышәынҭрақәа аӡәӡәеит, аҩнқәа ирыҩналеит. Иҟалаз адыррақәа рыла, Араду ақыҭан иҟалаз амшцәгьы иахҟьаны иҵыҩрыз аҵла ахатәы ҩнык иақәҳаит.  Ааха зауз ҳәа аӡәгьы иӡбахә ыҟам. Кындыӷи Тамшьи ақыҭақәа иахьрыҵанакуа ареспубликатә мҩаду аӡы ахыҵәеит», - ҳәа  иазгәаҭоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адырра аҿы.

Аҭыԥ аҿы аус руеит араионтә еиқәырхаратә хәҭа аиқәырхаҩцәеи атехника ҷыдеи.

Араҟа дыҟоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Прочитано 301 раз. Последнее изменение 13.05.2024.13:15 13.05.2024.

Ақыҭақәа Кәтол, Џьгьарда, , Аҭара ақыҭақәа рҟны

Араду ақыҭан аҵла аҩны иақәҳаит.

 


Read 54 times - Аҩаша, 14 Лаҵара 2024 19:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.